Аплиаж аҟны ишәарҭоу агәамсам рыԥшааит

© Sputnik Томас ТхайцукШприц на пляже Сухума.
Шприц на пляже Сухума. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ауааԥсыра ақалақьтә плиаж аҟны ишәарҭаоу агәамсам аҟазаара инадҳәаланы ашәара рымоуп.

АҞӘА, ԥхн 1 Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ақалақь агәҭа, ахәыҷтәы-ҿартә спорттә школ ааӡамҭацәа аӡсара рҽахьазыҟарҵо аплиаж аҟны ишырҳәо ала узыцәшәаша агәамсам карыжьуеит, хаҭалагьы рхы иадырхәахьоу ашприцқәа.

Аспорттә школ атренер Виктор Задорожныи иажәақәа рыла, аплиаж аҟны агәамсам  аҟазаара узызҿлымҳахаша проблеманы иҟоуп.

"Ҳара ҳҟны аус руеит ҩыџьа атренерцәа, досу ихатәы гәыԥ имоуп. Аплиаж асанитартә ҭагылазаашьа  абри аҟәарахәҭаҟны ақалақьтә маҵзурақәа рнапы иануп. Урҭ роуп ара еилзырго. АҶА акәзаргьы ацхыраара ӷәӷәаны иҳарҭоит. Аплиаж дара рахь ауп иахьаҵанакуа аха ҳара ара аус аауртә аҭагылазаашьақәа ҳзаԥырҵоит. Агәамсам ақалақь зегьы иапроблема дуны иҟоуп, ацқьара алыршара акыр иуадаҩуп, аха ахәыҷқәагьы џьара рҽазыҟарҵалароуп", — иҳәеит Задарожныи.

Иара иажәақәа рыла, агәҽанҵаратә табличкақәагьы аспорт школ ахарџьқәа рылоуп ишықәыргылоу. Аплиаж арыцқьара знапы иану амаҵзурақәа изларылшо ала еилдыргоит ҳәа азгәеиҭеит атренер.

"Аплиаж иааиԥмырҟьаӡакәа иаҳрыцқьаларгьы амшын аныцәгьоу иҭнаго жәдыруандаз? Ара мацара акәым ус иахьыҟоу, зехьынџьарагьы ус иҟоуп", — иҳәеит Задорожныи.

Аӡсаразы асекциаҟны ахәыҷқәа ршьапқәа хтуп, иҷыдоу ашьаҵа рышьам. Аҟәатәи ахәыҷтәы-ҿартә спорттә школ аҟны аӡсаразы азыҟаҵарақәа ирылагеит рашәарамза  инаркны. Уаанӡа Sputnik аредакциахь дааит ақалақь аҟны инхо аԥҳәыс, уи илҳәеит ахәыҷқәа аӡсара рҽахьазыҟарҵо аплиаж аҟны рхы иадырхәахьо ашприц шылбаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0