Вианор Ашба: ԥхынгәы 4 илахьеиқәҵагоу рыцхәуп

Ахьӡ Аԥша апарк
Ахьӡ Аԥша апарк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 4, 1992 шықәсазы ашьхара Аҳбҩық аҟны абаталион "Горец" злахәыз имҩаԥгаз ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит Аҟәа Ахьӡ Аԥша апарк аҟны.

АҞӘА ԥхынгәы 4 – Sputnik. Анжелика Бениа. Аԥсны 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых адаҟьақәа рыҟны арыцхә ԥхынгәы 4, 1993 шықәса ишьаарҵәыроу, илахьеиқәҵагоу мышны иаанхоит, иҳәеит Аԥсны Афырхаҵа Вианор Ашба.

Ԥхынгәы 4, 1993 шықәсазы иультәи ажәылараан абаталион "Горец" Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааиразы акырзҵанакуаз адҵа нанагӡон, иҳәеит Ашба.

"Аибашьра аветеранцәеи, Аԥсны ауааԥсыреи ҳзы ԥхынгәы 4 ишьаарҵәыроу, илахьеиқәҵагоу рыцхәуп. Уи амш аҽны Аԥсны Атәылахьчара аминистрра адҵала уи ашьхара еибашьуаз абаталион ацхырааразы ҳашьҭын", – иҳәеит Ашба.

Абаталион "Горец" анапхгаҩы Аԥсны Афырхаҵа Вианор Ашба иажәақәа рыла, ашьхара Аҳбҩы аанкылара Аҟәа аҭарцәраан ицхыраагӡахон.

Парк Славы - Sputnik Аҧсны
Тамшьтәи аоперациа 22 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Аԥсны

"Гәдоуҭа ишьҭыҵыз "МИ-8" ашьха Аҳбҩы итәар акәын, аха итәаанӡа ақырҭцәа гранатамиотла ааха арҭеит. Адесант тәарц азы авертолиот иҭатәаз ҭыҵны ахысра иалагеит, аха 46-ҩык рҟынтәи 17-ҩык роуп инхаз, насгьы урҭ инхаз рҟынтәи џьоукы ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит, хабарда хәҩык бжьаӡит", – ҳәа ациҵеит Ашба.

Уи ажәылара далахәын Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ашәаҳәаҩ, акомпозитр Тото Аџьапуа иҷкәын Олег Кәыпраа-Аџьапуа.

"Аибашьра иалаӡыз еснагь ҳабла ихгылоуп. Рыԥсадгьыли, рыуаажәлари рыхьчаразы идырны рхы ақәырҵеит, урҭ рфырхаҵара ажәала ҳәашьа амаӡам. Дара раҳаракыра, иҟарҵаз агәаӷьра, иаадырԥшыз афырхаҵара зхамышҭыз убарҭ роуп аԥсуаа", – азгәеиҭеит Аџьапуа.

Абаталион "Горец" иалахәыз Тото Аџьапуа иҳәеит уи ажәылараан иԥеи, ианшьеи, иҩызцәеи шҭахаз.

"Ҳашьцәа рыбаҩқәа ҳнапы ианҵаны, ҳаӷа ҳалаӷырӡ иаҳмырбарц азы ашәа ҳәо анышә иамаҳдеит. Иҭахаз, ҳаԥсадгьыл ахьчаразы иқәԥоз, зхи зыԥси иамеигӡаз фырхацәоуп", –ҳәа нациҵеит Аџьапуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0