Тамшьтәи аоперациа 22 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Аԥсны

© Sputnik Томас ТхайцукПарк Славы
Парк Славы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа, амшын аԥшаҳәаҟны, 1993 шықәса ԥхынгәы 2 рзы аԥсуа десант ӡхыҵит. Иара иалахәын хышәҩык рҟынӡа аибашьцәа, азеиԥш напхгара ҟаиҵон Заур Зарандиа.

АҞӘА, ԥхынгәы  2 – Sputnik.  Асҭанда Арӡынба. Тамшьтәи аоперациа Аԥсны аҭоурых зегьы азы аҵак ду аманы иҟан, иара иалнаршеит аибашьра ацашьа зегь аҽа хырхарҭак аҭара ҳәа  Sputnik   аинтервиу аиҭеит Аслан Аҩӡба.

"Тамшь ақыҭан адесант зыӡхымҵызҭгьы иҟаларын аибашьрагьы абас лассы изеилымгар,  аиааирагьы ҳәарада, агара еиҳа ауадаҩрақәа аҵалон", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Ԥхынгәытәи аоперациаан аԥсуа ар Аҟәа араион иаҵанакуа Шрома ақыҭа рнапахьы ианаарга, тамшьтәи адесант ақырҭуа ар рыцхраара иаауаз агәыԥқәа ааныркылеит. Ари зегьы анаҩс иалнаршеит  аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ақәыларақәа рымҩаԥгара ҳәа азгәеиҭеит аҭоурыхҭҵааҩ. 

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны инагӡаны аиааира алыршарала ихыркәшахаз цәыббратәи аоперациа, ԥхынгәытәи аоперациа иацыз акәын. 

Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа 1993 шықәса ԥхынгәы 2  рзы амшын аҟынтәи аԥсуа десант ӡхыҵит. Иара иалахәын хышәҩык рҟынӡа аибашьцәа, азеиԥш напхгара ҟаиҵон Заур Зарандиа. Адесант иахықәкы хаданы иҟан астратегиатә ҵак ду змаз, Аҟәаҟа ицоз амҩаду аанкылара. Иарала акәын абџьари аруааи зламҩаныргоз, уиадагьы ақырҭуа ар реиҳабыра Мрагыларахьтәи афронт ахь рымчқәа реиҳара ииаргар акәхеит. Уи иалнаршеит аԥсуа ар Шроматәи ахырхарҭа аганахьала  лҵшәа бзиала ақәыларатә еибашьрақәа мҩаԥыргарц.

Иаааидкыланы,  ԥхынгәытәи аоперациаан адесант рҟынтәи иҭахеит 11 еибашьҩы, 36-ҩык ахәрақәа роуит; Мрагыларатәи афронт агәыԥ аҟынтәи иҭахеит 58-ҩык аибашьцәа 200-ҩык ахәрақәа роуит. Ԥхынгәытәи аоперациаҟны иара убасгьы иҭахеит, хатәгәаԥхарала еибашьуаз аказакцәа ԥшьҩык, ирхәит жәиԥшьҩык.

Адесант аӡхыҵра 22 шықәса ахыҵра инамаданы, Тамшь ақыҭан, Ахьӡ-аԥша амемориал аҿаԥхьа  имҩаԥган амитинги ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониеи.

Агәалашәаратә уснагӡатәқәа ирылахәын атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа, Очамчыреи Гали араионқәа рхадарақәа рхаҭарнакцәа, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аказакцәа рыри ауаажәларреи рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0