Валери Бганба: Апарламент ажәлар ирзеицәоу аӡбраны иҟам

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент аилатәараан ареспублика атәылауаа имҩаԥыргаз ахалаԥшьгаратә еизара атәы далацәажәеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба.

АҞӘА, ԥхынгәы  6 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Апарламент ахаангьы иаднакылараны иҟам ажәлари аҳәынҭқарреи ирзеицәоу аӡбамҭа, иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба, Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа рминистррақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра далацәажәо, Sputnik аинтервиу анаиҭоз.

Бганба иажәақәа рыла, Апарламент аизара анымҩаԥысуаз аамҭазы арахь иааит гәыԥҩык ауааԥсыра, урҭ аинтерес рыман Урыстәылатәи Афедерациа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра  азырхиара амҩаԥысшьа атәы, хаҭала иазҵаауан Аԥсни Урыстәылеи  иеицырзеиԥшу аинформациа-аналитикатә центр.

"Ирхыҵхырҭоу, игәаразҵо сыздырам аха ауаа рҟны ауҳәан-сҳәан рацәоуп. Ҳәарада, ари агәҭынчымра цәырнагоит. Ҳара адәахьы ҳдәылҵны иааиз ҳарԥылеит, ҳрацәажәеит. Дара рхаҭарнакцәагьы  азал ахь иҩналеит. Сгәы иаанагоит иеилыркаартә еиԥш ирызнаагеит ҳәа аусурақәа шцо, урҭ мышкы ахы-аҵыхәала иуӡбогьы шракәым", — иҳәеит Апарламент аиҳабы.

2014 шықәса, абҵара 24 рзы ҳтәылақәа рыҩбагьы рхадацәа  рнапы зҵарҩыз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы аиқәшаҳаҭра амчра аиуит 2015 шықәса хәажәкыра 5 рзы. Иара  иҳәаақәнаҵоит аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы рдәахьтәи ҳәаақәа рырӷәӷәареи рекономикеи рсоциалтә шәага-загақәеи рырҽеиразы ахышәа-ҵышәақәеи ахырхарҭақәеи.

Арҭ аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара амеханизмқәа ҳәаақәҵахоит ихазырҭәаауа, иҷыдоу  аусхкытә еилаӡарақәа рыла. Ҳазну аамҭазы анапы рыҵаҩуп анагӡарагьы иаҿуп Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа  ртәанчахәқәеи абиуџьет усхк  аусуҩцәа рулафахәқәеи реизырҳаразы аиқәшаҳаҭрақәа ҩба.

Ажәабжьқәа зегьы
0