Давид Ҭарба: адиаспораҿы азакәан иазымыӡбо, аиҳабацәа ражәа иаӡбоит

© Sputnik Илона ХварцкияДавид Агрба.
Давид Агрба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа изланхо атәым жәлар ирыламӡырц азы рҽазыршәоит рмилаҭтә культура аиқәырхара. Уи азы дара ахьынхо аҭыԥқәа рҿы еиҿкааны ирымоуп ахеидкылақәа, акультуратә дернеқьқәа ҳәа изышьҭоу. Ирҵоит рхатәы бызшәа, ркультура, аԥсуа қьабзқәа, имҩаԥыргоит аизарақәа, иазгәарҭоит Аԥсны аҭоурыхтә хҭысқәа. Ԥсыуа хәышҭаараны иахәаԥшуеит, еиднакылоит.

Арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала, ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәеи акәашарақәеи дырҵаразы Ҭырқәтәылаҟа идәықәҵан хҩык арҵаҩцәа. Ахатәы бызшәа рырҵаҩцәа Оксана Ҭарԥхаи, Амина Кәыҵниаԥхаи макьана уа аус руеит, акәашара арҵаҩы Давид Ҭарба иусура хыркәшаны Аԥсныҟа дхынҳәит. Давид иусура алҵшәақәеи ҳџьынџьуаа  Аԥсныҟа  ирымоу рхәыцшьеи дырзааҭгылеит. Аиҿцәажәара мҩаҧылгеит Сырма Ашәҧҳа.

— Давид, уара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа аԥсуа кәашарақәа дурҵаразы рҵаҩык иаҳасабала  удәықәҵан. Иарбан қалақьқәоу, иарбан қыҭақәоу  уахьыҟаз? Ишԥамҩаԥысуаз аҵара апроцесс?

— Арепатриациазы  аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи, Адаԥазар, Сақариа ақалақь иҟоу аԥсуаа ркультуратә хеидкылеи, Диузџьа иаҵанакуа аԥсуа қыҭа Дариара еиҿкаау акультуратә хеидкылеи реиҳабацәеи аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵеит. Убри инақәыршәаны, декабр 1, 2014 шықәса  рзы, Ҭырқәтәылаҟа сышьҭын, уа инхо ҳџьынџьуаа акәашарақәа дсырҵаразы. Снеира даара гәахәала ирыдыркылеит, шәҩык инарзынаԥшуа акәашара аҵара агәаҳәара змаз хәыҷи-дуи зегь еизеит. Агәыԥқәа хԥаны еихысшеит: ахәыҷтәы, абжьаратә, аиҳабыратә ҳәа.

— Ҭырқәтәыла уҟазаара иалагӡаны иумазма аҭагылазаашьа аԥсуаа ахьынхо аҭыԥқәа рҭаара, аҿари  уареи шәеибабара, ирхәыцшьоузеи рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь?

— Аҿар, хымԥада, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рылаԥш хоуп. Ирацәаҩуп иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу. Уеигәырӷьартә иҟоуп 30-35 шықәса зхыҵуа аҿар рахьтә иҟоуп  зхатәы бызшәала ицәажәо. Аԥсны аӡбахә анырымҳәоз ыҟаӡамызт. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа, Аԥснытәи ҳқыҭақәа зынӡа иреиԥшуп. Рашҭа, ргәара цқьаӡа, аԥсуа дшынхо мҩашьахуа иҟоуп. Аԥсуара даара еиқәырханы ирымоуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы исгәаԥхаз, аиҳаби аиҵби реихаҵгылашьа, рыпату еиқәҵашьа ауп. Аԥсуа бырг иажәа иазыӡырҩуеит, акрыԥхылнадоит. Азакәан иазымыӡбо, аиҳабацәа ражәа иаӡбоит.

— Уара акәашарақәа ахьыдурҵоз ақыҭақәа рҟны  инхо аԥсуаа рхыԥьаӡара еилкааума?

— Диузџьа иҟоу Дариара ақыҭаҟны, изларҳәо ала, аԥсуаа рхыԥхьаӡара х-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Адаԥазар  иахьаҵанакуа 70 нызқьҩык инареиҳауп рҳәоит.

— Ҭырқәтәыла инхо ужәлантәқәеи уареи шәеибабартә еиԥш аҭагылазаашьа умазма?

— Хымԥада ҳаибабеит.  Аԥснынтә Ҭарбак дааит ҳәа заҳаз зегьы аҭел исзасуан, ҳаицәажәон. Аԥсны инхо рыжәлантәқәа иразҵаауан, иҟоуп зыԥсадгьыл ахь иаахьоу, избахьоу. Иаҳхәозар, Гирбуз Ҭарба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз иԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ихьчон, аԥсышәала аҷҷаҳәа дцәажәоит, ус еиԥш иҟоу ахҭысқәа угәы еиздырҳауеит даара.

— Давид, шықәсыбжак иалагӡаны, аихшьаалатә концерт амҩаԥгара улуршеит. Иуцәыуадаҩӡамзи ас еиԥш аамҭа кьаҿк иалагӡаны акәашара ззымдыруаз идырҵаны,  асценахь рнагара?

— Имӡакәа ишәасҳәоит, даара иуадаҩын. Ҭырқәтәыла инхоз сҩызцәа сывагылеит, амузыка аганахь ала исыцхрааит. Рыӡбахәгы сҳәар сҭахыуп: Ерсын Кәыҵниа, Џьиҳаҭ  Агрба, Шамил Ҭраԥшь. Дара рыхҩыкгьы Ҭырқәтәыла еиҿкаау акәашаратә ансамбль "Редада" аҟны икәашон. Уажәы, рҵаҩцәас аус руеит. Диузџьантә акостиумқәа ҳзаарышьҭит. Иуадаҩын, избанзар ҿыц акәашара зҵарц инеиқәаз роуп зегьы. Фымз аамҭа рацәаӡам. Мчыбжьык ахь знык акәын аҽазыҟаҵарақәа анҳамаз. Иааидкылан иуҳәозар, мызкоуп иалҵуа, х-гәыԥкынгьы еихшамзи. Зегь реиҳа еиҵбыз фы-шықәса ихыҵуан, иреиҳабыз хынҩажәа шықәса. Аконцерт Адаԥазар имҩаԥысит. Ахәаԥшцәа даара бзиа ибаны ирыдыркылеит, иргәаԥхеит. Акәашара зсырҵоз даара ирҭахын асценахь ацәырҵра, разҟны уи алыршахеит. Ансамбль хьӡыс иаман "Сақариа-Шьараҭын", аԥхьаҟа ахьӡ ҳаԥсахыргьы алшоит.

Акәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит

Даара ҳаишьцылеит дареи сареи. Ҳгәыбылра еибакит. Ааигәоуп  Аԥсныҟа санаа.  Есҽны ҭелла, мамзаргьы аинтернет ахархәарала ҳаицәажәоит. Ас еиԥш иҟоу аусқәа, аимадара дырӷәӷәоит, аиҭанаиааира рхылҿиаауеит. Гәырӷьаҽхәашак аҳасабала ишәасҳәоит, зыӡбахә сҳәоз сҩыза Џьиҳаҭ Агрба мышқәак раԥхьа Аԥсныҟа нхара ҳәа дхынҳәит. Уи иҿыԥшыша аԥхьаҟа иҵегьы иҟалап. Маҷ-маҷ акәзаргьы,  рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәуа  аԥсуаа  рхыԥхьаӡара еизҳап.

— Уаҧхьаҟа гәҭакқәас иумоузеи, Давид?

— Уажәы, Руслан Бебиа напхгаҩыс дызмоу, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын"  ахь схынҳәит, уаҟа скәашоит. Иуль 16 рзы, ансамбль "Шьараҭын" 45 шықәса ахыҵреи, ҳаиҳабы  Русан Бебиа 50 шықәса ихыҵреи азгәаҭара иазкыу аиубилеитә ныҳәатә концерт  ҳҽазыҟаҳҵоит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит зегьы, сус иадгылаз, ацхыраара сызҭаз.

© Фото : Давид ТарбаДавид Тарба
1/3
Давид Тарба
© Фото : Давид ТарбаДавид Агрба иансамбль
2/3
Давид Агрба иансамбль
© Фото : Давид ТарбаДавид Агрба иансамбль
3/3
Давид Агрба иансамбль
1/3
Давид Тарба
2/3
Давид Агрба иансамбль
3/3
Давид Агрба иансамбль

 

Ажәабжьқәа зегьы
0