Анқәаб иус аганахьала аӡбарҭа амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ҭнаҵаауеит

© Sputnik Бадра АвидзбаАнқәаб ишьразы аҽазышәара аус аганахьала аӡбарҭа амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ҭнаҵаауеит
Анқәаб ишьразы аҽазышәара аус аганахьала аӡбарҭа амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ҭнаҵаауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб ишьразы аҽазышәара аус аганахьала аӡбаратә процесс иацҵан ахәаша, ԥхынгәы 10 рзы, Аҟәа ақалақь аҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб ишьразы аҽазышәара аус аганахьала аӡбаратә процесс иацҵан  Пицунда ақалақь Ахадара уаанӡатәи аиҳабы Беслан Арӡынба  ишьразы аҽазышәараантәи амаҭәартә ршаҳаҭгақәа рыҭҵаарала.

Аарадҵара ҟазҵо аган аӡбарҭа иаднагалеит 2007 шықәса рзы аҭыԥ зма,з Пицунда ақалақь Ахадара уаанӡатәи аиҳабы Беслан Арӡынба  ишьразы аҽазышәараантәи амаҭәартә ршаҳаҭгақәа: арԥжәагатә шьақәгыла ахәҭаҷқәа,  арԥжәагатә шьақәгыла аԥжәара алзыршаз харантәи ахархәаратә пульт,  агранатаршәга.

Аӡбара ахантәаҩы Роман Кәарҷиа арҭ амаҭәартә ршаҳаҭгақәа аус ахь иаҵеиркит.

Апрокуратура еиднакылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаби Пицунда ақалақь уаанӡатәи Ахада Беслан Арӡынбеи рганахьала аҭыԥ змаз рышьразы аҽазышәара ауси, ацәгьоура аҿаҵаҩыси анагӡаҩыси иҟаз хаҿқәак роуп ҳәа азыԥхьаӡаны.

Анқәаб ишьразы аҽазышәара мҩаԥыргеит ҳәа аара рыдҵоуп Анзор Быҭәба, Ҭамаз Барцыц, Елдари Едгари Ҷыҭанаа, Рамзи Ҳашыг, Асҭамыри Алхаси Хәытабаа, Русҭан Гыцба, Мурҭаз Сақаниа. Иара убасгьы аара идҵан зыԥсҭазаарар иалҵыз Алмасбеи Қчач.

2005 шықәса инаркны 2012 шықәса рҟынӡа Анқәаб ишьразы аҽазышәарақәа  фынтә имҩаԥыргахьан, аҵыхәтәан – 2012 шықәса жәабран  22 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0