Аминистрцәа Реилазаараҟны ишьақәырӷәӷәоуп 2016 ш-тәи Аиндикативтә план

© Sputnik Томас ТхайцукАминистрцәа реилатәара, аиндикативтә план иазкны. Аҭыԥантәи афото
Аминистрцәа реилатәара, аиндикативтә план иазкны. Аҭыԥантәи афото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, ԥхынгәы 15 рзы, Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны иалацәажәан Аекономика аминистрра иазнархиаз "Аԥсны Аҳәынҭқарра 2016 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план".

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахаша, ԥхынгәы 15 рзы, Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны ишьақәдырӷәӷәеит Аекономика аминистрра иазнархиаз "Аԥсны Аҳәынҭқарра 2016 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план".

Аиԥылара иалахәын Аԥыза-министр Артур Амқәаб, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Сериков, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, аилакқәа рнапхгаҩцәа, араионқәа рхадацәа.

"Ҳара иахьа ҳалацәажәоит ҳҳәынҭқарразы аҵак ду зманы иҟоу азҵаара. Сгәы иаанагоит адокумент зегьы ижәбахьеит, иҭышәҵаахьеит ҳәа. Даараӡа исҭахуп иныҭкааны шәгәаанагарақәа шәҳәарц", — иҳәеит ареспублика Аԥыза-министр Артур Амқәаб.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра 2016 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план" еизаз ирыдигалеит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аекономика аминистр иазгәеиҭеит сынтәатәи аиндикативтә план аиҿкаара еиҳа заа ишалагаз, ҵыԥх аасҭа.

"Абри апроект ианыԥшит Аԥсны азакәанԥҵара ишьақәнаргылаз, иахәҭаны иҟоу арбагақәа зегьы. "Аԥсны Аҳәынҭқарра 2016 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план" ҵаҵӷәыс иамоуп аиҿкаарақәеи анаплакқәеи 2014 шықәсазтәи рырбагақәеи, 2015 шықәсазтәи аплантә рбагақәеи, 2015 шықәса актәи аԥшьбараз иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьақәеи", — азгәеиҭеит Арӡынба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра 2016 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план арбагақәа еиҳа еиҳауп уаанӡатәи ашықәсқәа раасҭа ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.

"2016 шықәсазы атауарқәеи, аусурақәеи амаҵзурақәеи еизаку рхышәа-ҵышәа иартәоит 83,4 миллиард мааҭ. 2015 шықәсазтәи арбагақәа ирҿырԥшны аизҳара ишьақәнартәоит 19,2%, ақыҭанхамҩаҟны 7,6 миллиард мааҭ", — азгәеиҭеит Арӡынба.

Аминистр иара убасгьы иҳәеит аекспорти аимпорти реизыҟазаашьа уаанӡатәи ашықәсқәа реиԥш уажәгьы иҵоурам адинамика рымоуп ҳәа, иара убри аан сынтәатәи аҭагылазаашьа аиӷьхара амҩа иануп ҳәа.

"Ашықәс актәи азыбжазтәи арбагақәа аиӷьхара ҳдырбоит – иаҳҳәап атауареикәыршараҟны аекспорт ахәҭа аизҳара ишаҿу аабоит", — иҳәеит Арӡынба.

Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа иазгәалҭеит аиндикативтә рбагақәа реизырҳаразы ареспублика ашәахтә закәанԥҵара ԥсахтәуп ҳәа.

"Уажә иҳамоу аиндикативтә планқәа, иҟоу ашәахтәқәҵарала иҳарҭо 17% аизҳароуп. Абиуџьет рҿиаратә биуџьетны иҟалар акәзар, усны ҳаԥхьа ишьҭоу —иҟоу ашәахтәқәҵаратә закәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалароуп. Арҿиаратә биуџьет ҟамлар, аекономикагьы аԥара азырҳаӡом", — лҳәеит лара.

Аԥыза-министр Артур Амқәаб иазгәеиҭеит абиуџьет аизырҳаразы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рыдкылара ахәҭаны ишыҟоу.

"Ҳара ҳҽазышәарақәа зегьы ззырхо ҳтәыла адунеитә уаажәларра рҟны иахәҭаны иҟоу аҭыԥ ааннакыларцоуп. Еиҳа ихадоу усны иҟоу – аекономика ашәшьыра аҵгароуп. Ари аганахьала аусурақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ицалароуп", — иҳәеит Амқәаб.

Аилатәараҟны излацәажәоз зҵаарақәаны иҟан атәылаҟны асоциал-економикатә ҭагылазаашьазы абизнес аҭакԥхықәреи аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа рыхьчара ахымԥадатәреи.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны Аекономика аминистрра иазнархиаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2016 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план» еицҿакрыла ишьақәдырӷәӷәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0