00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсни Кәырдысҭани Рыхәаахәҭратә палатақәа Амеморандум рнапы аҵарҩит

© Фото : ТПП РААԥсни Кәырдысҭани Рыхәаахәҭратә палатақәа Амеморандум рнапы аҵарҩит. Аҭыԥантәи афото
Аԥсни Кәырдысҭани Рыхәаахәҭратә палатақәа Амеморандум рнапы аҵарҩит. Аҭыԥантәи афото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата официалтә визитла Ирактәи Кәырдысҭан иҟан.

АҞӘА, ԥхынгәы 17, Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Ирактәи Кәырдысҭан Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи рыбжьара аилибакааразы Амеморандум напы аҵаҩын, ԥхынгәы 12 рзы Ербил ақалақь аҟны. Абри атәы апресс-конференциаҟны ирылеиҳәеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәылиа.

"Напы зҵаҩу амеморандум азин ҳнаҭоит иааиԥмырҟьаӡакәа аус аура иара убасгьы ахәаахәҭратә еимадарақәа рылацәажәара. Дара аинтерес рыман аҩи, ацхеи еиуеиԥшым аххыла-хаақәеи. Иара убасгьы дара рҟны иҟам аҭыԥантәи ашәырқәа иразҵаауан, ашәыр аусеиҭадуларатә ааглыхра аԥҵара иалацәажәон", — иҳәеит Гагәылиа.

Гагәылиа иажәақәа рыла, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Кәырдысҭан аҟазаара хықәкны иаман ҳреспубликеи атәым ҳәынҭқаррақәеи ртауареикәыршара аизырҳара, апроектқәа рынагӡаразы аинвесторцәа рыԥшаара, ҳтәыла арабтәи атәылақәа рҟны иамоу аҳаҭыр аизырҳара.

Ахәаахәҭратә палатеи Аԥсны аколлеџьқәеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

"Аделегациа Кәырдысҭан аҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аофициалтә еиԥыларақәа. Ҳара ҳарԥылеит Кәырдысҭан анапхгара ахаҭарнакцәа, ақыҭанхамҩа аминистр, Ахәаахәҭреи ааглыхреи рминистр иабжьгаҩ, Кәырдысҭан аинвестициатә Комиссиа апрезидент", — азгәеиҭеит Геннади Гагәылиа.

Иара убасгьы аделегациа Кәырдысҭан аҟазаараан Геннади Гагәылиа диԥылеит Ербиле иҟоу Урыстәыла Афедерациа Аконсул хада.

Ирак аилазаара иалоу Ирактәи Кәырдысҭан аҵыхәтәантәи ажәашықәса аинвестициа аганахьала ауаа аднаԥхьалоит, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәеи, аџьармыкьақәеи афорумқәеи рымҩаԥгара еиҿнакаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0