Акурс анапхгаҩы, аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩ Владимир Фунтусов Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, ари аҩымҭа иалнаршеит "аинтернационалтә уаҩԥсытә ԥсабараҟны иреиҳаны иҟоу — амилаҭ аиламҩашьара" инаҵшьны аарԥшра.
Уаанӡа, Аҳәынҭқарратә Санкт-Петербургтәи акультура аинститут аҩбатәи акурс аҟны аҵара зҵо аԥсуа студентцәа Фазиль Искандер иҩымҭа иалхны иқәдыргылаз аспектакль "Аҽа аԥа Џьамхәыхә мамзаргьы чегьемтәи Евангьелие" Санкт-Петербургтәи атеатр аҟны имҩаԥысуаз афестиваль "Ликующая муза" аҟны "Иреиӷьу аспектакль" ҳәа аноминациа алауреатс иазыԥхьаӡахахьан.