00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Жәлар реизарахь аиҭалхрақәа рымҩаԥгара
18:22
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Итоги проекта восстановления мемориалов героев ВОВ и ОВНА
18:49
13 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

500-ҩык инареиҳаны аԥсылманцәа аџьаамахьы анамаз акра инеит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Иаку аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа.
Аԥсны Иаку аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иаку аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа иажәақәа рыла, Аҟәатәи аџьаамаҟны аныҳәатә намаз ахь иааит 500-ҩык инареиҳаны аԥсылманцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 16, Sputnik. Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны Иаку аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара ахантәаҩы Салих Кәарацхьелиа игәаанагарала, Аҟәатәи аџьаамаҟны аныҳәатә намаз ахь иааит 500-ҩык инареиҳаны аԥсылманцәа.

Кәарацхьелиа Аԥсни адунеи зегьы аҟни инхо аԥсылманцәа ирыдиныҳәалеит Аурычра аҵыҵра амшныҳәа.

"Аԥсни адунеи зегь аҟни инхо аԥсылманцәа ирыдысныҳәалоит аурычраныҳәа. Ҳара иахьа иазгәаҳҭоитт Рамадан мза хзыркәшо Ураза-баирам (Ид аль-Фитр). Иахьа ашамҭазы, аџьаамахьы аныҳәатә матанеира мҩаԥыргарц инеиит 500-ҩык инареиҳаны аԥсылманцәа. Аџьаама агәарԥ хышәҩык иреиҳамкәа иахьакуа иахҟьаны, иеизаз адәахьы, амҩаҟны аматанеира мҩаԥыргон", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Иара иажәақәа рыла, аурычра аҵыҵра аныҳәа аԥсылманцәа рзы еиҳа ихадақәоу рахь иаҵанакуеит.

"Иахьа аԥсылманцәа рныҳәа дуқәа ҩба рҟынтә руак — аурычраныҳәа мҩаԥысуеит. Иахьатәи амш еиҳарак иазгәарҭоит аныҳәатә матанеира ала. Ари аныҳәа Рамадан амза хнаркәшоит. Аԥсылманцәа матанеирыла ргәырӷьара аадырԥшуеит, уи иаанаго Хыхь иҟоу имҵахырхәароуп", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Традициала ишаԥу еиԥш, афара-чареи агәырӷьареи ауацәеи, аҩызцәеи, агәылацәеи ирыцеиҩыршоит. Убри аан урҭ аҽа динк иаҵанакуазаргьы ауеит. Зегь реиҳа ихадароу амла иакуеи арыцҳацәеи аганахь равамыжьроуп.

Ид аль-Фитр (Ураза баи-рам) аныҳәа аԥсылманцәа ирыдиныҳәалеит аимам Оскул Ҳаразиагьы.

"Сашьцәа, саҳәшьцәа, ишәыдысныҳәалоит абри аныҳәа лаша! Иарбанызаалак аҩнахьы инанагааит иара агәыӷра, аиашара, абзиара, абарақьаҭра", — иҳәеит Ҳаразиа.

Салих Кәарацхьелиа адырра ҟаиҵеит ахәыҷқәа зегьы рзы апарк "Алакә" аҟны асааҭ 10:00 — 15:00 рҟынӡа ишеиҿкаахо хәыда-ԥсада аттракционқәа, аниматорцәа злахәу агәырҿыхгатә программақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0