Ажәытәтәи Анаҟәаԥиа аҭаара

Анапаҵаҩра

Анаҟәаԥиатәи абааш аԥсуа ҳәынҭқарцәа ртәарҭа, Аԥсуа ҳәынҭқарра раԥхьатәи аҳҭнықалақь – Аԥсны абжьарашәышықәсатәи архитектураҟны зегь иреиҳау абаҟа ссир ауп.

Ахьчаратә цәаҳәақәа зкәыршаны, ашьхара ақәцәаҟны игылоу абааш ажәытә зны анапаҟны заагара амуаз ргыларан. Иара дыргылеит IV-V ашәышықәсақәа рзы римлианааи абазгааи. Аргылара аинтерес рыманы иацхраауан усҟантәи аамҭазы Абазгиа, Аԥсилиа, Лазтәи аҳәынҭқарра знапаҵаҟа иҟаз византиаа.

Аԥсшәа аҟынтәи "Анаҟәаԥиа" иаанагоит "еихышшоу". Абжьаратәи ашәышықәсазтәи ахыҵхырҭақәа жәпакы рҟны иара убасгьы Трахеиа ҳәа иарбоуп.

Ивертәи ашьхара ақәцәа иҟоу Анаҟәаԥиатәи абааш 350 метра амшын  иҩахыкны иҟоуп. Акаҭран зқәырҭәоу амҩа ашьхара акалҭ аҟынӡа инеиуеит, уаҟа автомашьынақәа ргыларҭеи, аԥсшьарҭеи, анаԥш-ааԥшырҭеи  рҭыԥ еиҿкаауп. Уинахыс атуристцәа шьапыла ихалароуп ашьхарахь.

Ахалара сааҭки бжаки рҟынӡа уадхалоит. Ашьха ақәцә аҟынтәи убла иаахгылоит иссиру апанорама. Уантәи ухыԥшылоит амшын иаҵәара, иубарҭоуп ашьха ԥагьақәа, урҭ рыдагьы иузаатуеит Пицунда инаркны Аҟәанӡа Амшын Еиқәа аԥшаҳәара. Ивертәи ашьха  амҵан ишьҭоуп еицырдыруа акурорттә қалақь Афон Ҿыц.

© Sputnik Томас ТхайцукАжәытәтәи Анаҟәаԥиа – аԥсуа ҳәынҭқар Леон II-тәи VIII ашәышықәсазы ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра иаҳҭнықалақьуп ҳәа ирылеиҳәаз қалақь-хырӷәӷәарҭоуп.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
1/18
Ажәытәтәи Анаҟәаԥиа – аԥсуа ҳәынҭқар Леон II-тәи VIII ашәышықәсазы ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра иаҳҭнықалақьуп ҳәа ирылеиҳәаз қалақь-хырӷәӷәарҭоуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАнаҟәаԥиатәи абааш иахьатәи Афон Ҿыц азааигәара, аҭыԥантәи ауааԥсыра Аԥсартәи мамзаргьы Анаҟәаԥиатәи ашьха ҳәа изышьҭоу ашьхараҟны игылоуп.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
2/18
Анаҟәаԥиатәи абааш иахьатәи Афон Ҿыц азааигәара, аҭыԥантәи ауааԥсыра Аԥсартәи мамзаргьы Анаҟәаԥиатәи ашьха ҳәа изышьҭоу ашьхараҟны игылоуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАмилаҭтә ҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" аҭаларҭаҟны иубоит ажәытәтәи ақалақь аргыларақәа рысхема.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
3/18
Амилаҭтә ҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" аҭаларҭаҟны иубоит ажәытәтәи ақалақь аргыларақәа рысхема.
© Sputnik Томас ТхайцукАкомплекс абара – 150 мааҭ иаԥсоуп.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
4/18
Акомплекс абара – 150 мааҭ иаԥсоуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАшьха ашьапаҟынӡа машьынала анеира алшозар, ҩадаҟа, Анаҟәаԥиа ацентр ахь, аԥсшьаҩцәа шьапыла ихалароуп.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
5/18
Ашьха ашьапаҟынӡа машьынала анеира алшозар, ҩадаҟа, Анаҟәаԥиа ацентр ахь, аԥсшьаҩцәа шьапыла ихалароуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАбаа иаакәыршаны ахьчаратә хырӷәӷәарҭақәа ргылоуп. 550 шықәсазы араҟа, Византиатәи аҳәынҭқарра аҟынтәи ахьыԥшымразы абазгаа рықәгылара мҩаԥысит. VII-тәи ашәышықәсазы Анаҟәаԥиа амҵан иаанкылан Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа жәпкы зымпыҵазхалаз арабцәа рыр.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
6/18
Абаа иаакәыршаны ахьчаратә хырӷәӷәарҭақәа ргылоуп. 550 шықәсазы араҟа, Византиатәи аҳәынҭқарра аҟынтәи ахьыԥшымразы абазгаа рықәгылара мҩаԥысит. VII-тәи ашәышықәсазы Анаҟәаԥиа амҵан иаанкылан Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа жәпкы зымпыҵазхалаз арабцәа рыр.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсшьацәа Анаҟәаԥиатәи абааш ҭырҵаауеит.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
7/18
Аԥсшьацәа Анаҟәаԥиатәи абааш ҭырҵаауеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАнаҟәаԥиатәи ашьха ашьапаҿы ишьҭоуп ақалақь Афон Ҿыц.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
8/18
Анаҟәаԥиатәи ашьха ашьапаҿы ишьҭоуп ақалақь Афон Ҿыц.
© Sputnik Томас ТхайцукАнаҟәаԥиатәи абааши ахьчаратә цәаҳәақәа ҩбеи, адәныҟатәи ахьчаратә цәаҳәақәеи ааидкыланы 70 нызқь метра ԥшьыркца ыҟоуп.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
9/18
Анаҟәаԥиатәи абааши ахьчаратә цәаҳәақәа ҩбеи, адәныҟатәи ахьчаратә цәаҳәақәеи ааидкыланы 70 нызқь метра ԥшьыркца ыҟоуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАтәыла аҭоурых-культуратә ҭынха – Анаҟәаԥиатәи абааш зықьҩыла атуристцәа аднаԥхьалоит.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
10/18
Атәыла аҭоурых-культуратә ҭынха – Анаҟәаԥиатәи абааш зықьҩыла атуристцәа аднаԥхьалоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Анаҟәаԥиа, Мраҭашәаратәи Кавказ иахьаҵанакуа ақьырсианра алазырҵәоз ҭыԥны иҟан.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
11/18
Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Анаҟәаԥиа, Мраҭашәаратәи Кавказ иахьаҵанакуа ақьырсианра алазырҵәоз ҭыԥны иҟан.
© Sputnik Томас ТхайцукАшьха ақәцәаҟны, ацаҟьа кылжаан аҵеиџь ыҟоуп, уи иԥшьоу ҳәа зыхьӡырҵаз аӡы ҭоуп. Аригьы ажәытә қалақь ассирқәа иреиуоуп.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
12/18
Ашьха ақәцәаҟны, ацаҟьа кылжаан аҵеиџь ыҟоуп, уи иԥшьоу ҳәа зыхьӡырҵаз аӡы ҭоуп. Аригьы ажәытә қалақь ассирқәа иреиуоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукМрагыларатәи абааш ԥыԥшырҭатә цәаҳәан, аҭыԥантәи ҭауади-аамысҭеи аҵыхәтәантәи рхыхьчарҭатә ҭыԥ акәын.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
13/18
Мрагыларатәи абааш ԥыԥшырҭатә цәаҳәан, аҭыԥантәи ҭауади-аамысҭеи аҵыхәтәантәи рхыхьчарҭатә ҭыԥ акәын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбааш аҩаӡараҟынтәи унапы ианушәа уалаԥшуеит Афон Ҿыц, уаԥхьа ишьҭоуп иблахкыгоу амшыни ашьхареи.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
14/18
Абааш аҩаӡараҟынтәи унапы ианушәа уалаԥшуеит Афон Ҿыц, уаԥхьа ишьҭоуп иблахкыгоу амшыни ашьхареи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбааш аҩадатәи аганахьала иубарҭоуп Анхәа ақыҭантәи аҩнқәеи абаҳчақәеи.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
15/18
Абааш аҩадатәи аганахьала иубарҭоуп Анхәа ақыҭантәи аҩнқәеи абаҳчақәеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшьха ақәцәаҟны абааш аура 83 метра инаӡоит, аҭбаара – 37 метра. Аҭыӡқәа рыҳаракыра 4-5 метра иҟоуп, рыҭбаара метрак инахыҳәҳәоит.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
16/18
Ашьха ақәцәаҟны абааш аура 83 метра инаӡоит, аҭбаара – 37 метра. Аҭыӡқәа рыҳаракыра 4-5 метра иҟоуп, рыҭбаара метрак инахыҳәҳәоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАбааш аҩныҵҟа, ажәытәтәи Анаҟәаԥиа агәҭаны игылоуп зыбжа еилаҳахьоу, абжьарашәышықәсқәа ирыҵаркуа ауахәама.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
17/18
Абааш аҩныҵҟа, ажәытәтәи Анаҟәаԥиа агәҭаны игылоуп зыбжа еилаҳахьоу, абжьарашәышықәсқәа ирыҵаркуа ауахәама.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнаҟәаԥиатәи ауахәама - адунеи зегь аҟнытә ақьырсианцәа Анцәа иҳәарц изҭаауа иԥшьоу ҭыԥуп.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны
18/18
Анаҟәаԥиатәи ауахәама - адунеи зегь аҟнытә ақьырсианцәа Анцәа иҳәарц изҭаауа иԥшьоу ҭыԥуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0