Аԥсны абираҟ амш ацәыргақәҵақәеи аныҳәатә концерти рыла иазгәарҭоит

© Sputnik Томас ТхайцукАбираҟ амш
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә бираҟ амш аламҭалазы аҿартә политиказы Аилак ахантәаҩы Алиас Аҩӡба иаҳзеиҭеиҳәеит аныҳәа амҩаԥгаразы гәҭакқәас ирымоу атәы.

АҞӘА, ԥхынгәы 22, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Абираҟ амш аныҳәазы ауснагӡатә хадақәа ареспублика аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысраны иҟоуп ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит аҿартә политиказы Аилак ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла, есышықәса аныҳәа зхы алазырхәуа аҿар рхыԥхьаӡара еизҳауеит. Сынтәа раԥхьаӡа акәны амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥгахоит аетноцәыргақәҵа, аныҳәауаа аалыҵ рыднагалараны иҟоуп Гәдоуҭа араион.

"Ҳара аус ҳацызуа ауаа иҟарҵо хәыда-ԥсада иҟарҵоит. Еиуеиԥшым азанааҭуаа, амузеи, амодельерцәа рнапкымҭақәа, аекспонатқәа, абзазаратә маҭәарқәа уҳәа ацәыргақәҵахь иааргоит. Акыцӡыҩ аҭыԥаҟны иаҳирбоит ажәытәтәи акыцӡра атехнологиақәа, инарҭбаау аҭыԥ аиуеит аԥсуа чыс", — азгәеиҭеит Аҩӡба.

Абираҟ амшныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны амшын аԥшаҳәаҟны еиуеиԥшым аамҭазы рхы иадырхәоз амилаҭ маҭәеи абираҟқәеи рмодельқәа дырбахоит, иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп ачаии амузыкатә инструментқәеи рцәыргақәҵа.

"Аԥсны Абираҟ амш ажәлар ирныҳәаны иҟалеит. Иара есышықәса аҽарҭбаауеит. Ҳажәлар рзы абираҟ ҳәынҭқарратә атрибутиканы мацара акәым ишыҟоу, ҳажәлар рзы абираҟ ахақәиҭра иадыргоуп, аиааира иадыргоуп", — иҳәеит Аҩӡба.

Аԥсуа спортсменцәа Аԥсны абираҟ аҵаҟа иқәгыларазы азҵаара шьҭыхуп

Аныҳәа апрограммаҟны иазыԥхьагәаҭоуп абираҟ автор Валери Гамгьиа анышә дахьамадоу Кәтол ақыҭаҟны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа. Ахәылԥаз, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҟны аныҳәа иацҵахоит. Асааҭ 20.00 рзы ареспублика акәашаратәи авокалтәи коллективқәа еизо рҿаԥхьа иқәгылоит.

Ауснагӡатәқәа еиҿыркаауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҿартә политиказы аилак, Аҟәа ақалақь Ахадара, аҳҭнықалақь Ахадараҟны иҟоу Аҵара аусбарҭа, Акультура аусбарҭа, Аҿари аспорти рызҵаарақәа рхы аилак.

Ажәабжьқәа зегьы
0