Дамениа: ақырҭқәа ирҭахын аԥсуа бираҟи агерби дара релементқәа алазарц

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа бираҟ
Аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23, 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵарала Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби аднакылеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аҳәынҭқаррақәа зегьы ирымоуп дара рсимволикақәа, рхатәы ҭоурых, рхатә бираҟ, рхатәы гимн. Абираҟ — ажәлар знысыз рҭоурых иаҿахәҳәагоуп. Аԥсны абираҟ аҭоурых, ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә кәԥараҿы ахатә ҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Иахьа ҳанхоит зых иақәиҭу, ихьыԥшым Аҳәынҭқарраҿы. Ҳаԥсадгьыл ахьчара зықьҩыла рыԥсҭазаара ахҭынҵаны, Аиааиреи аҭынчреи ҳзааргеит. Ҳгәы дууп, Ҳреспублика ҳбираҟ ԥшӡа ахашәыршәыруа, ҳара ҳаԥшәымацәаны ҳадгьыл ҳшьапы ахьықәгылоу. Жәытә аахыс ҳазҭагылаз аԥышәарақәа ҳариааины, иҳалҳаршеит милаҭк аҳасабала ахеиқәырхара. Уи иацын ҳажәлар рдоҳамч, рыгәаӷьра, рычҳара, рҟәыӷара.

Аԥсны абираҟ амш ацәыргақәҵақәеи аныҳәатә концерти рыла иазгәарҭоит

1992 шықәсазы аԥсуа бираҟ, аԥсуаа ишырҭахыз еиԥш аиқәыршәара, аусԥҟа адкылара акырӡа иуадаҩын,иҟан иаҿагылоз амчқәа. Уи аус хымԥада иазықәԥатәын ҳәа азгәеиҭоит аҵарауаҩ Олег Дамениа, усҟантәи аамҭазы Апарламент адепутатс иҟаз.

"Даара иуадаҩын усҟантәи аамҭазы иҟаз аҭагылазаашьа. Апарламент аҩныҵҟа аибарххарақәа, аиҿыхарақәа цон. Ҳәарас иаҭахыузеи, ақырҭқәа аҿагылан ари аус. Дара ирҭахын иҳадаҳкылоз аԥсуа герби абираҟи ақырҭуа елементқәак алагалазарц. Уи аҩыза ҳара ҳазыразхомызт. Аиҿагыларақәа шцозгьы, иҳаулакгьы иҳадаҳкылеит. Усҟан, Иреиҳаӡоу Асовет анапхгаҩыс иҟаз, Владислав Григори-иԥа Арӡынба, иара убас, Асовет иалахәыз адепутатцәа иаадырԥшыз аполитикатә хәыцра ҵаула иабзоураны, ари аус аҭыԥ иқәаҳҵеит. Аԥсуа бираҟи агерби анҳадаҳкылоз, даара ҳус ирманшәалеит урҭ ҟазҵаз асахьаҭыхҩы, аҟаза ду Валери Гамгьиа. Егьа уадаҩра ацзаргьы, зегь акоуп иҳалҳаршеит ҳагәҭакы анагӡара", — игәалаиршәоит Дамениа.

Ҳҳәынҭқарра иахашәыршәыруа ҳбираҟ ҳмилаҭ рдоуҳатә беиареи, ҳиааиреи, ҳхьыԥшымреи ирсимволны  наунагӡа иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0