Ашыц ықәызхуа амцаԥшьхәаҷа Бзыԥҭатәи аиҩхаанӡа инаӡеит

© Foto / Саида Жиба Бзыԥтәи аиҩхааҟны ашыц ахәышәтәра
Бзыԥтәи аиҩхааҟны ашыц ахәышәтәра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амҩа иаԥну ашыц аҟны игәарҭеит амцаԥшьхәаҷа.

ГАГРА, ԥхн 24 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ԥхынгәымза алагамҭаз ашыц аиқәырхаразы иаԥҵоу акомиссиа Бзыԥҭа аиҩхааҟны, амҩа хадантә ҩ-километрак инарзынаԥшуа ахәшә ақәҭәара мҩаԥнагеит.

"Пицундатәи ашыц аныхәшәтәыз ашьҭахь, адырра ҟаҵан Бзыԥҭатәи аиҩхааҟны ахәаҷа аарԥшуп ҳәа. Аԥсны аԥыза аминистр ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба напхгара зиҭо акомиссиа араҟа агәаҭарақәа мҩаԥнагеит, анаҩс нап аркын ашыц аиқәырхара. Хара имгакәа ахәаҷа аарԥшын аӡхыҽҽа "Аҭыԥҳа лылаӷырӡ" аҟынӡа. Иахьа амҩа хада инаркны х-километрак инарзынаԥшуа ашыц ахәшәтәра нап аркуп", — иҳәеит аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Ҷыҭанаа убас иазгәеиҭеит, аҩбатәи акилометранӡа имҩаԥгаз ахәшәтәра актәи аетап алҵшәа бзиа шамаз.

Роман Дбар: Аԥсны аекосистемаҿы амцаԥшьхәаҷа аԥсабаратә ӷацәа цәырҵит

Ашыц ҟанҷ (амцаԥшьхәаҷа) ықәырхуеит ахимиатә маҭәашьарқәа "Димилини", "Фастаки" еилаҭәаны. Иазгәаҭатәуп ахәшә ишыннарҵәо ашыц ҟанҷ мацара, егьырҭ ԥырхага рынаҭом.

"Ашыц аиқәырхаразы ацхыраареи авагылареи ҳарҭоит Риҵатәи аҳәынҭқарратә ҳәырԥссара аусзуцәа. Ааигәа уи аусзуҩ Ҭенгиз Џьергьениа адырра сиҭеит ашыц ҟанҷ а-24-тәи акилометр аҟны ишиԥыхьашәаз. Хымԥада ҳара ҳгәы ҳҽанҵоуп. Хара имгакәа имҩаԥаагоит акомиссиа аилатәара, уаҟа иҳаӡбоит ҩаԥхьа имҩаԥаагараны иҟоу аиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа", — ҳәа иажәа иациҵеит Савели Ҷыҭанаа.

Пицунда ашыц ахәшәтәраан атракторқәеи адельтаплани ахархәара рызузҭгьы, Бзыԥҭа аиҩхааҟны ахәшә ақәҭәаразы рхы иадырхәеит амыруга ҷыда змоу авертолиот.

Ажәабжьқәа зегьы
0