Аԥсуа ҳәынҭқарра шьақәгылаанӡа аҷыдаҟазшьа змаз баашқәаны иҟан ашьҭратә баашқәа. Урҭ хаз игаз аимышьҭрақәа рполитикатәи, рыстратегиатәи центрқәа рфункциақәа нарыгӡон.
Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы аҳәынҭқарратә ҵакы зманы иҟаз абаашқәа ирылукаауеит Анаҟәаԥиатәи, Ҳашԥсытәи, Ҵабалтәи. Урҭ рыдагьы, иналукааша, маӡа шәкы зҵаҵәахны измоу ак акәны иҟоуп Аԥсуа баагәара (ҭӡы). Арҭ аргыларақәа Аԥсныҟа, амшын аԥшаҳәахьы улбаазгоз ашьхахыҵырҭақәа адыркуан.
Аԥсуа феодалцәа рханқәеи ахаҳә иалхыз рынхарҭақәеи абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟазшьарбаганы иҟан. Усҟантәи аамҭақәа рзоуп архитектуратә хкқәа рҟны аԥыжәара роуа ианалагаз аҳаракырақәа рҟны идыргылоз афеодалцәа рбаашқәа – Аҟәа ааигәара Баграт ибааш, Бзыб аӡиас аиҩхаараҿы Ҳасанҭа-абаа уҳәа иреиԥшқәаз.