Агәарԥқәа шәҭыла рҭалаҳаразы аиндаҭлара актәи аетап хыркәшахеит

© Sputnik Илона ХварцкияАгәарԥқәа шәҭыла рҭалаҳаразы аиндаҭлара актәи аетап хыркәшахеит
Агәарԥқәа шәҭыла рҭалаҳаразы аиндаҭлара актәи аетап хыркәшахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәарԥқәа шәҭыла рҭалаҳаразы аиндаҭлара акомиссиа абжьаратә еихшьалақәа ҟарҵеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Ақалақь агәарԥқәа шәҭыла рҭалаҳаразы аиндаҭлара акомиссиа ибжьаратәиу аихшьаалақәа ҟанаҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ақалақь Ахадара Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Елена Атепина.

Лара лажәақәа рыла, акомиссиахь инагоу аобиектқәа 15 рҟынтәи иалхуп аиааира зылшо ҳәа иԥхьаӡоу хәба.

"Уи иаанагом урҭ зегьы аиааир алшоит ҳәа. Егьырҭ аобиектқәагьы ирылшоит аиааира, урҭ иҵегьы иҭҵаатәуп", — лҳәеит Атиопина.

Иалкаау аобиектқәа хәба рахь иаҵанакуеит: Марр имҩаҟны иҟоу аҩны №26, Араион ҿыц аҟны ахәыҷбаҳча "Гәында", Инал-иԥа имҩаҟны иҟоу аҩны №10 абалкон, ГАИ аусбарҭеи Ақырҭаа имҩаҟны иҟоу аԥацхеи раԥхьа иҟоу ашәҭқәа ршьацыркырақәа.

Аиндаҭлара ахыркәшаратә лкаақәа ртәы рылаҳәахоит аныҳәатә ҟазшьа аҭаны нанҳәамза анҵәамҭазы ҳәа азгәалҭеит Атепина.

© Sputnik Илона ХварцкияКонкурс на лучшее цветочное оформление.
1/4
Конкурс на лучшее цветочное оформление.
© SputnikКонкурс на лучшее цветочное оформление.
2/4
Конкурс на лучшее цветочное оформление.
© Sputnik Илона ХварцкияКонкурс на лучшее цветочное оформление.
3/4
Конкурс на лучшее цветочное оформление.
© Sputnik Илона ХварцкияКонкурс на лучшее цветочное оформление.
4/4
Конкурс на лучшее цветочное оформление.
1/4
Конкурс на лучшее цветочное оформление.
2/4
Конкурс на лучшее цветочное оформление.
3/4
Конкурс на лучшее цветочное оформление.
4/4
Конкурс на лучшее цветочное оформление.

Аиндаҭлара мҩаԥыргоит аноминациақәа ԥшьба инарықәыршәаны. "Ааглыхратә џьармыкьа аобиектқәа ирыԥну, иреиӷьны еиҿкаау аҵакырадгьыл» акатегориазы аԥхьахә 10 000 мааҭ шьақәнартәоит. Иара иалахәхар ҟалоит акоммерциатә наплакқәа – адәқьанқәа, акаҳуажәырҭақәа, аресторанқәа. "Анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи ирыԥну, иреиӷьны еиҿкаау аҵакырадгьыл" акатегориа аԥхьахә 20 000 мааҭ артәоит. Анаҩстәи аноминациа "Анхацәа ралахәрала иреиӷьны еиҿкаау агәарԥ" азы аԥаратә ԥхьахә 20 000 мааҭ артәоит. "Ацентртә ныҟәаратә ҳа иахьаҵанакуа иреиӷьны еиҿкаау абалкон" акатегориаҟны ииааиуа ироуеит аԥхьахә — 5 000 мааҭ аԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0