Аԥсны анефҭ аԥшаареи аҵхреи рзы апарламенттә комиссиа аԥҵоуп

© Sputnik  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНефтяные вышки на Каспии
Нефтяные вышки на Каспии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламентарицәа 26-ҩык ақәшаҳаҭхеит, аӡәы мап ацәикит Аԥсны анефҭ аԥшаареи аҵхреи рзы апарламенттә комиссиа аԥҵара.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны анефт аҭаԥшыхәреи аҵхреи иалнаршо аекономикатә феидеи ицәырнаго аекологиатә шәарҭадареи рыҭҵааразы акомиссиа аԥҵаразы аӡбра рыдыркылеит Жәлар Реизара адепутатцәа.

Адепутатцәа рықәҵараҟны Аминистрцәа Реилазаара ирыдыргалеит акомиссиа аусура хнаркәшаанӡа агеологиатә ҭҵаарақәеи анефҭ аҭаԥшыхәреи аҵхреи рзы азин ҷыда-алицензиа аусура аанкылазаарц. Акомиссиа алахәыла, адепутат Беслан Гәбаз иазгәеиҭеит аусутә гәыԥ уаанӡа анапы зҵарыҩхьоу адокументқәа рыҭҵаара иалагоит ҳәа, хаҭала иазхьаԥшуеит урҭ ауаажәларра рзы ашәарҭара ахьынӡарыҵоу.

Алмас Џьапуа иазхьеирԥшит анефҭ аԥшааразы аусурақәеи атәылаҟны атуризм аҿиареи еимарам ҳәа.

Аслан Кәабахьиа дадгылеит акомиссиа аԥҵара аидеиа.

"Ари ҳәынҭқарратә знеишьоуп. Аӡбра здызкылараны иҟоу апарламент адепутатцәа ирдыруазароуп иарбан документқәоу ирыдыркылахьоу, ианрыдыркылаз, урҭ аҳәынҭқарра аинтересқәа иахьынӡарықәшәо", — азгәеиҭеит иара.

Акомиссиа аилазаарахь иҟоуп: Беслан Гәбаз, Ахра Кәакәасқьыр, Саид Ҳаразиа, Ҭенгьиз Агрба, Иури Зыхәба, Леонид Чамагәуа, Беслан Ҵнариа, Заур Иазычба, Алмас Џьапуа (ахантәаҩы).

Ԥхынгәы 29 рзы атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба Аминистрцәа Реилазаара рнапы ианиҵеит акомиссиа ҷыда аԥҵазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0