АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik, Саид Барганџьиа. 2015 шықәса иалагазар Аԥсны 487 былра ҟалахьеит.
Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы ҳахәаԥшуазар ари 38-нтә еиҳауп иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Гурам Ԥсардиа.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла абылрақәа реиҳарак ҟалеит аҳәынҭқарратә сектор иахьаҵанакуаз – 335. Иара иациҵеит анхарҭатә сектор аҟны 104 хҭыс шыҟалаз, амҩақәа рҟны – 26 хҭыс, акоммерциатә еилазаарақәа рҟны – 22 хҭыс.
"Абылрақәа раан ҩыџьа ауаа ҭахеит, аԥхасҭақәа идыртәеит 23 миллион мааҭ", — ҳәа азгәеиҭеит Ԥсардиа.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иазгәеиҭеит абылрақәа ирхыҵхырҭаны ишыҟоу амца гәҽанызарыда азнеира (325 хҭыс), иазыԥхьагәаҭаны амцаркра (6 хҭыск), афымцатә приборқәа ииашамкәа ахрархәара (57 хҭыс), афымцатә ҳа аҟны афымца аизҳара (22 хҭыс), иара убасгьы абылра аҽацәыхьчараз аԥҟаррақәа рықәымныҟәара.
"Аиҳаракгьыы агәҭынчымра цәырнагоит ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны абылра аҽацәыхьчара асектор. Арахь иаҵанакуеит агәабзиарахьчареи акурортқәеи атуризми робиектқәа, аҵара аминистрреи ақалақьтә џьармыкьеи робиектқәеи анхарҭаҩнқәеи", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара убасгьы обиектқәак рҟны иҟаӡам абылра аҽацәыхьчаразы аӡымҩангагақәа, аӡеизгаратә былратә бассеинқәа ракәзар аремонт рымам, акранқәа аус руам иҳәеит Ԥсардиа.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла ипроблеманы иҟоуп абылра аҽацәыхьчара аԥҟаррақәа еилаганы аргыларатә усурақәа рымҩаԥгара.
Иара иазгәеиҭеит ахыбрақәа реиҳарак абылратә сигнализациеи ахыҵра аплани рыла ишеиқәыршәам.