Лиудмила Адлеиԥҳа: арҵаҩцәа аусура иамаҳхуеит ҳәа азҵаара ықәгылаӡам

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи 4-тәи ашкол
Аҟәатәи 4-тәи ашкол - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа Нестор Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аилазаара иҟанаҵаз аҳәамҭа ахҳәаа ҟалҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 4 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аҟәатәи ажәабатәи ашкол анапхгара аганахьала агәынамӡарақәа шыҟоугьы адирекциа русура иамхтәуп ҳәа аӡәгьы имҳәаӡеит лҳәеит Sputnik аинтервиу аҭауа аҳҭнықалақь Аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа.

10-тәи Ашьхарыуаа рышкол - Sputnik Аҧсны
Ажәабатәи ашкол арҵаҩы: ҳара иаҳдырдырит ҳамхра азҵаара шыӡбоу

"Сара исымҳәаӡеит аусура шәамаҳхуеит ҳәа. Сара исҳәаз ауснагӡатәқәа ҳадаҳкылараны ҳаҟоуп ҳәа ауп", — ҳәа азгәалҭеит Аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа, Нестор Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аилазаара иҟанаҵаз аҳәамҭа ахҳәаа азуа.

Аҵара аусбарҭа аиҳабы лажәақәа рыла, арҵаҩцәа ибзианы ирдыруеит ашкол аҟны иҟоу аҭагылазаашьа, лареи дареи реиқәшәарагьы мзызс иамоу.

"Аиԥылараан сара иныҭкааны ирасҳәеит абас еизаны адҵақәа ҟарҵартә еиԥш ҵаҵӷәы шрымам. Еиҳа инарҵауланы ҳаицәажәараны ҳаҟоуп нанҳәа 20 рышьҭахь", — ацылҵеит лара.

Лара убасгьы иазгәалҭеит арҵаҩратә еилазаареи лареи реицәажәара ҭаацәашәала ишымҩаԥысыз.

"Сара идеилсыркааит ҳара ашкол аганахьала иаабарц иаҳҭаху, ирасҳәеит иахьатәи анапхгара ишалыдмыршаз ахәыҷқәа рхатәы бызшәа — аԥсшәа иахәҭоу аҩаӡараҟынӡа инаганы дырҵара. Дара зегьы ибзианы еилыркаауан ари аус алкаақәа шаиуаз", — лҳәеит Лиудмила Адлеиԥҳа.

Нестор Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол арҵаҩратә еилазаара аҳәамҭа ҟарҵеит аҳҭнықалақь аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа ашкол адирекциа аусзуҩцәа русура иамххоит ҳәа лҳәеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0