Ажәабатәи ашкол арҵаҩы: ҳара иаҳдырдырит ҳамхра азҵаара шыӡбоу

© Sputnik Томас Тхайцук10-тәи Ашьхарыуаа рышкол
10-тәи Ашьхарыуаа рышкол - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба ихьӡ зху 10-тәи Ашьхаруаа рышкол аилазаара ирҳәеит аҳҭнықалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа ашкол адирекциа русура иамххоит ҳәа адырра шыҟалҵаз.

АҞӘА, нанҳәа 4 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Нестор Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи Ашьхаруаа рышкол аилазаареи аҳҭнықалақь аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳаи реиԥылараан Аусбарҭа аиҳабы ашкол адирекциа русура рамхра азҵаара ӡбоуп ҳәа адырра ҳалҭеит лҳәеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз ашкол азанааҭеидгыла ахантәаҩы Асида Барганџьиаԥҳа.

"Аҵара Аусбарҭа аиҳабы еилаҳкаартә иаҳлырдырит ҳазҵаара шырыӡбахьоу, "ишәҭахызаргьы, амитинг ҟашәҵа" лҳәеит лара. Иаҭахны иҟалар, ус ҟаҳҵаргьы алшоит, амала аҭагылазаашьа уаанӡа анагара ҳҭахымызт. Аҵарашықәс ҿыцгьы асеиԥш алагара аӡәгьы иаҳҭахны ҳаҟам", — лҳәеит ашкол азанааҭеидгыла ахантәаҩы Асида Барганџьиаԥҳа.

Барганџьиаԥҳа лажәақәа рыла, аҵара Аусбарҭа аиҳабы ашкол арҵаҩратә еилазаара данырԥылоз илҳәеит ашкол адирекциа русура рамхразы иҟоу аинформациала уи шхымԥадатәихо, аха азҵаара хазы адиректор лҟынӡа ишнагахо.

Ҭамила Арышԥҳа арепатриантцәа аԥсуа бызшәа длырҵоит - Sputnik Аҧсны
Ҳазхымсыз аԥышәара: Ҭамила Арышԥҳа абызшәа арҵара апроблемақәа ирызкны

"Асеиԥш рҳәартәеиԥш алзыршо документқәак ҳамоуп лҳәеит", — ҳәа азгәалҭоит Барганџьиаԥҳа.

Ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол адиректор Лариса Барцыцԥҳа лакәзар, иарбан документқәоу зыӡбахә рҳәо лыздырӡом.

"Ақалақь аҟны ҳара ҳганахьала уҳәан-сҳәан шырацәоугьы аԥаршеи ус ҳалаҟьашьым, ахәыҷқәа актәи акласс ахь иҳадаҳкылоит хәыда-ԥсада. Сара иарбанызаалак закәанеилагарак ҟасымҵеит. Схы сыхьчар сылшоит. Сзыцәшәо ҳәа акгьы сымам", — инаҵшьны иазгәалҭеит Барцыцԥҳа.

Адиректор лажәақәа рыла, лара лусура дамырхыр аус аӡбарҭахь иналгоит.

"Сара исарҳәеит зегь амххоит, еиҳа еиӷьуп хатәгәаԥхарала арзаҳалқәа жәҩыр ҳәа. Сара исҳәеит иарбанызаалак рзаҳалк аҩра сшақәшаҳаҭым. Иаҭахны иҟалар аус аӡбарҭахь ишрысҭо дсырдырит", — ацылҵеит лара.

Уаанӡа Аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр Адгәыр Кокоба аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аԥсны аминистрреи аҳҭнықалақь аҵара Аусбарҭеи рганхьала Аҟәатәи ашколқәа рдиректорцәеи арҵаҩцәеи рамхразы иарбанызаалак дҵак ыҟам ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0