Аԥсны аоппозициатә мчрақәа: ҳтәылаҿы анефт аҵхра мап ацәкра иашам

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПлавучая самоподъемная буровая установка "Арктическая"
Плавучая самоподъемная буровая установка Арктическая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аоппозициатә мчрақәа ргәаанагарала анефт аҭаԥшыхәреи аҵхреи рыкәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа адҳәалоуп анефттә бизнес ахатәы бизнесуаа ралагалара.

АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рблок атәыла анапхгара ааԥхьара рырҭоит анефт аҭаԥшыхәреи аҵхреи рганахьала уаанӡа ирыдыркылахьаз аиқәшаҳаҭрақәа нарыгӡарц ҳәа аҳәоит ахаша, нанҳәа 5 рзы Аоппозициатә мчрақәа рблок апресс-маҵзура ирыланарҵәаз аҳәамҭаҟны.

Роснефть готова инвестировать в сельское хозяйство Абхазии - Sputnik Аҧсны
"Роснефть" апрезидент Урыстәыла абылтәы еиԥҟьар алшоит ҳәа азиԥхьаӡоит

"Амчра ишьаҭаркыга хаданы иамоу – анефт аҵхра Аԥсны аекологиа ԥхасҭанатәыр алшоит ҳәоуп. Арацәаӡри аус адулара ҳәарада иацуп аекологиатә шәарҭара, аха иара убри аан иарбанызаалак тәылак, зҵакырадгьыл аҟны арацәаӡри рыԥшааз, мап ацәнамкит уи аҵхреи настәи ахархәареи. Амшын Еиқәа иаԥну атәылақәа: Урыстәыла, Болгариа, Румыниа, Ҭырқәтәыла, Украина, Қырҭтәыла Аԥснеиԥш курорттә тәылақәаны ишыҟоугьы анефт аҵхра иалагахьеит мамзаргьы уи азы аҽазыҟаҵаратә усурақәа рымҩаԥгара иаҿуп. Амшын Еиқәа аӡқәа рымҩасшьа ҷыда инадҳәаланы иарбанызаалак иахьазы аус зуа урҭ аплотформақәа рҟны авариа ҟалар, уи хымԥада Аԥсны аекологиа анырра анамҭар залшом. Урҭ атәылақәа анефт аҵхра иаҳзаҟәымхуазар, амшынӡқәа рхырхарҭақәагьы ҳазхьамырԥшуазар ԥхьаҟа Аԥсны аекологиатә проблемақәа рыцәцарагьы ҳзалыршом", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа ргәаанагарала анефт аҭаԥшыхәреи аҵхреи рыкәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа адҳәалоуп анефттә бизнес иахьатәи амчра ахаҭарнакцәа, ахатәы бизнесуаа ралагалара.

"Ауаажәларра ирҳау-ҳауны, атәыла аԥсабара аԥырхага аиуеит ҳәа иацәыршәаны, политикцәақәак ирҭахызар ҟалап 2009 шықәса лаҵарамза 29 рзы анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра "Роснефть" еиҭахәаԥшырц, аҿыц еиқәшаҳаҭраҟны иадырбарц хаҿқәак мамзаргьы гәыԥқәак ирымоу ахатәы интересқәа, мамзаргьы "Роснефть" ацынхәрас дара еиҳа "ирзааигәоу" мамзаргьы "рҳәатәаҿы иааиуа" аилахәырақәа, иҟалап атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи, аарыԥхьарц рҭахызар", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

Асеиԥш ахымҩаԥгара, Аблок агәаанагарала, Урыстәылатәи абизнесуаа рыблаҿы Аԥсны ахьӡ иҵоурамкәа ианымԥшырц залшом, иаԥырхагахашт аинвестициақәа рганахьала анаплакуаагьы арахь рхьарԥшра.

"Аоппозициатә мчрақәа рблок иаԥхьаӡоит абри, аҳәынҭқарратә ҵакы змоу азҵаараҟны, атәылауаа ргәаанагара аманипулиациа азура иашам ҳәа, атәыла анапхгарагьы аарыԥхьоит уаанӡа иззеиқәышаҳаҭхаз анагӡара нап адыркырц", — аҳәоит Аоппозициатә мчрақәа рблок аҳәамҭаҟны.

2015 шықәса ԥхынгәы 30 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдыркылеит ақәҵара акомиссиа аԥҵаразы. Акомиссиа иҭнаҵаауеит Аԥсны анефт аҭаԥшыхәреи аҵхреи економикатә феидас иамоуи аекологиатә шәарҭадара зеиԥшроуи.

Акомиссиа аилазаараҿ иҟоуп: Беслан Гәбаз, Ахра Кәакәасқьыр, Саид Ҳаразиа, Ҭенгьиз Агрба, Иури Зыхәба, Леонид Чамагәуа, Беслан Ҵнариа, Заур Иазычба, Алмас Џьапуа(ахантәаҩы).

Аминистрцәа Реилазаара иадҵоуп акомиссиа аус ауанаҵы иааныркыларц агеологиатә ҭҵаарақәеи анефт аҭаԥшыхәреи аҵхреи рзы алицензиа.

Амилаҭтә нефттә еилахәыра апресс-маҵзура ишаанацҳаз ала аилахәыра Аԥсны иааннакылоит апроект аԥаразоужьра. Иара убасгьы иаанкылахоит агеологҭаԥшыхәра апрограмма анагӡаразы атехникеи амыругақәеи русурақәеи урҭ аусурақәа ахьаанкылахо иамадоу ауааԥсыра аусура рыдкылареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0