Инал Ҳашыг: Месси дубоит ҳәа шәҩыла иҭахаз ҳашьцәа рхаршҭра ҟалом

© Sputnik Томас ТхайцукИнал Ҳашыг
Инал Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Инал Ҳашыг Карҭ имҩаҧысуаз амачт Барселона-Севилиа ахәаҧшразы Аҧснынтәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа рцара ахҳәаа азыҟаиҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 13 — Sputnik, Асҭанда Арӡынҧҳа. Аҩаша, нанҳәа 11 рзы Қырҭтәыла аҳҭнықалақь аҟны имҩаҧысит ашьапылампыл азы УЕФА Ахраҿа хада агаразы "Барселонеи" "Севилиеи" реиндаҭлара. Борис Пеичадзе ихьӡ зху астадион аҟны имҩаҧысуаз ахәмарра иахәаҧшырц Қарҭҟа ицеит Аҧсны атәылауаагьы.

Аԥснытәи ашьапылампыл асыҩцәа Европатәи ачемпионат иалахәхар рымуӡеит

Ажурналист Инал Ҳашыг Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны уи аганахьала игәаанагарақәа ҳаиҳәеит.

Иара иажәақәа рыла, аспорти аполитикеи еидҳәалам ҳәа азгәазҭо атезис Аҧсни Қырҭтәылеи рганахьала аус ауӡом.

"Ҳара ибзианы иаҳныруеит аспорт аполитика хара ишацәымцаз. Уи аартны иунарбоит ҳшьапылампыл иаҭоу аҭахкаара. Ааигәоуп ҳаспортсменцәа FIFA (ConIFA) иалам амилаҭтә командақәа рыбжьара ашьапылампыл азы ачемпионат ахь ианынармышьҭыз, уи аганахьала ашьапылампыл азы Қырҭтәыла Афедерациа иалшо зегь шыҟанаҵаз", — азгәеиҭеит Ҳашыг.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ҳтәылауаак Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара макьаназы аибашьратә ҭагылазаашьа шыҟоу рхадмыршҭралц.

"Ашьапылампыл ҳәарада бзиа ибалатәуп, аха сгәы иаанагоит ари амачт ахь ацара иаҧсамызт ҳәа. Ҳара макьаназы еиҩызара ҳәа егь ҳабжьам, рхаршҭра ҟалом шәҩыла иҭахаз ҳашьцәа Лионел Месси ибаразы. Арҭ аҷкәынцәа иҟарҵаз ушьаҿа еихугаанӡа узызхәыцша усуп", — иҳәеит Ҳашыг.

Амачт хыркәшахеит 5:4 ҳәа. "Барселона" УЕФА Ахраҿа хада анашьахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0