АҞӘА, нанҳәа 13 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аҧсуа експертцәа рыхәҭак адгылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра азхазҵаз атәылақәа ртәылауаа ҳтәылаҿы анхарҭақәа раархәаразы алшара аҟаҵара.
Аҧсны ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаҧҳа илҳәеит Сергеи Багаҧшь атәыла ахадас даныҟазгьы Ауаажәларратә палатаҟны ишалацәажәоз абри азҵаара.
"Ҳара усҟангьы алкаа ҟаҳҵеит аҧсуа тәылауаҩра змоу мацара анхарҭақәа раархәара иашам ҳәа. Ус ала еиҳагьы Аҧсны аҧырхага аҳҭоит ҳәа иазаҳшьеит", — азгәалҭеит лара.
Аксперт иазылыҧхьаӡоит арҭ азҵаарақәа аҩба – атәылауаҩра аиуреи анхарҭа аҭиреи еиҟәыҭхатәуп ҳәа.
"Ҳтәылауаа аӡәырҩы мап ацәыркуеит анхарҭақәа Урыстәыла атәылауаа раархәара. Урҭ ргәы иаанагоит ус ала ҳтәыла аинтересқәа рыхьчошәа. Аха ҳара зегьы ибзианы иаадыруеит изакәантәым аахәара-аҭира усгьы аҭыҧ шамоу" — лҳәеит Акаҧҳа.
Лара лгәаанагарала, ари зегьы Аҧсны аҳаҭыр ланарҟәуеит.
Игәаанагара иҳәеит ателекомпаниа "Абаза ТВ" адиректор хада Руслан Ҳашыг.
"Сара ишызбо ала, еиҭамҵуа амазарақәа рыҭира – раахәара иаҿагыло рхаҭақәа роуп уи знапы алаку. Азакәан аиқәыршәараан иазыҧхьагәаҳҭар алшоит зегьы нҭкааны. Ауаажәларра асеиҧш азакәан хымҧадатәиуп ҳәа заҟа заа ирҳәо иалаго аҟара заа апроцесс хацыркхоит. Амчратә органқәа ари иалацәажәоижьҭеи акрааҵуеит, аха азакәанҧшра змоу акгьы ҳамам".
Анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа иакәзар Наҭелла Акаҧҳа лажәа дадгылоит.
"Ҳара ацәшәара ҳамоуп Урыстәыла атәылауаа Аҧсны анхарҭақәа раахәара иалагар ҳәа, уи атәыла аҧхасҭа анаҭоит ҳәа. Уи агәаанагара иашам. Урыстәылаа анхарҭақәа раахәара иалагар ахәқәа ҳаракхоит ҳәа иҟоу ашәарҭарагьы башоуп, избанзар урҭ усгьы иҳаракуп" — иҳәеит Кәарҷиа.
Аҧсны хәынҭқарраҟны ари аҩыза Азакәан адгылара арҭеит Лиана Кәарҷелиаҧҳа, Вахтанг Ҧиҧиа, Надежда Венидиктова уҳәа егьырҭгьы.
Аҧсуа експертцәа алархәны Урыстәылатәи "Зхы ҳәаақәызҵаз аҳәынҭқаррақәа рырҿиара аинститут" имҩаҧнагеит астол гьежь "Урыстәылатәи аинвистициақәа радыҧхьалара. Еиҭамҵуа амазарақәеи атуристтә кластери рџьармыкьа аҿиара. Анхарҭаеикәыршара аҷыдарақәа рзы азакәан" атемала.
"Зхы ҳәаақәызҵаз аҳәынҭқаррақәа рырҿиара аинститут" — ари иҳәынҭқарратәым, урыстәылатәи еиҿкаароуп, иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аус зуа, уи аԥеиԥш амангьы изыԥхьаӡо анаплакыҩцәа ринициативала.
Иара иамоу хықәкқәас иҟоуп аграждантә ҧшьгарақәа рыдгылара, аграждантә уаажәларреи, аполитикцәеи анаплакыҩцәеи рыбжьара акыршықәсатәи астратегиатә еизыҟазаашьақәа раҧҵара.