Археологцәа иазырыԥхьаӡоит Қьалашьбеи иқьашана ахәҭак рыԥшааит ҳәа

© Sputnik Томас ТхайцукПредположительная деталь надгробия Келешбея Чачба.
Предположительная деталь надгробия Келешбея Чачба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩцәа иазырыԥхьаӡоит ХVIII-XIX ашәышықәсақәа рызтәи Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба иқьашана ахәҭак рбеит ҳәа.

АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет астудентцәа археологиатә практика анымҩаԥыргоз аамҭазы аԥҽыха ирыԥшааз, аҭоурыхҭҵааҩцәа иазырыԥхьаӡоит ХVIII-XIX ашәышықәсақәа рызтәи Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба иқьашана иатәызар ҟалап ҳәа. Абри атәы ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит ААУ аҭоурыхтә факультет адекан, аекспедициа анапхгаҩы, археолог Алик Габелиа.

"Агәаанагара ҳамоуп ажратә усурақәа раан иаабаз аԥҽыха Қьалышьбеи иқьашана иахәҭакуп ҳәа. Ҳәарада иара макьаназы иҭҵаатәуп, аха сареи сколлегацәеи ус ауп ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит. 1918 шықәсазы иҟаҵаз афотоҭыхымҭеи иаабаз ахәҭеи еиҿырԥшуа ҳара алкаа ҟаҳҵеит уи ақьашана иаҟәырҷхоуп ҳәа. Ус анакәха анышәынҭрагьы ааигәа џьара иҟазароуп", — иҳәеит иара.

"Қьалышьбеи инышәынҭра, ари иахуҳәаара узымдыруа иҟоу, иуҳәар ауазар икриминалтәу ҭоурыхуп. Ҳара иаадыруеит, даныршь ашьҭахь, анышә дшамардаз Аҟәатәи абааш иахьаҵанакуаз аҭыԥ аҟны, ауахәама иацәыхарамкәа. Иҟалап, излацәажәоз ажәытә уахәама акәымзар. Усҟантәи аамҭазы аурыс гарнизонқәа ирыман рхатә уахәама хәыҷқәа – анцәа имҵаныҳәарҭақәа. Иаанхеит уи ауахәама ахьгылаз азырбо аплангьы", — иҳәеит Габелиа.

Иара иҳәеит ақьашана анықәгаз ҳәа еиуеиԥшым аверсиақәа шыҟоу: 1930 шықәсазы иқәгоуп ҳәа изыԥхьаӡо, иҟоуп ауаа уи ижырҭа 1950 шықәсазы иаабон зҳәауагьы ыҟоуп.

"Қьалышьбеи аԥсуа ҭоурых аҟны инаалукааша хаҭароуп. Ижырҭа аԥшааразы иеиҿкаатәуп масштаб ҭбаала археологиатә усурақәа. Ҽыҭҳа-ҽыҭҳа ижуа иҟалап аамҭакала уи аԥшаара алҳаршаргьы", — азгәеиҭеит археолог.

© Sputnik Томас ТхайцукПредположительная деталь надгробия Келешбея Чачба.
1/2
Предположительная деталь надгробия Келешбея Чачба.
© Sputnik Томас ТхайцукПредположительная деталь надгробия Келешбея Чачба.
2/2
Предположительная деталь надгробия Келешбея Чачба.
1/2
Предположительная деталь надгробия Келешбея Чачба.
2/2
Предположительная деталь надгробия Келешбея Чачба.

Ирбаз аԥҽыха аамҭала иҵәахуп. Нанҳәа 21 рзы аусурақәа хыркәшахоит. Афинанстә лшарақәа инарыдҳәаланы аусурақәа ҽаанынӡа изалыршахом.

Аҟәатәи абаа амшын аԥшаҳәа иаԥнуп. Аҩбатәи ашәышықәсазы аурымқәа абри аҭыԥ аҟны абааш дыргылеит. 1724 шықәсазы араҟа иргылан аҭырқәа бааш. Аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы уи бахҭан, асовет аамҭақәа рзы ирбган.

Аҟәатәи абааш иахьаҵанакуа аусурақәа мҩаԥго археологцәа иаадырԥшит заатәи антикатәи аамҭақәа инадыркны абжьаратәи ашәышықәсақәа рҟынӡа аматериалқәа. 1980 шықәсазы археологцәа иаадырԥшит ахьтәы абазқәа, римтәи алегионерцәа рказармақәа рхыжәжәарақәа, ахәбатәи ашәышықәса ауахәама ацәынхақәа, афбатәи ашәышықәсахь иаҵанакуа абазилика, абырзен ҩыра зныз астела.

Ажәабжьқәа зегьы
0