Ахәыҷбаҳча "Бзыԥҭа" раԥхьатәи аушьҭымҭацәа мҩамш ҳәа рарҳәеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАхәыҷбаҳча "Бзыԥҭа" раԥхьатәи аушьҭымҭацәеи урҭ рааӡаҩцәеи
Ахәыҷбаҳча Бзыԥҭа раԥхьатәи аушьҭымҭацәеи урҭ рааӡаҩцәеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бзыԥҭатәи ахәыҷбаҳча "Бзыԥҭа" ашкол ахь инаскьанагеит раԥхьатәи аушьҭымҭацәа.

ГАГРА, нанҳәа 21 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ари ахҭыс даара акраҵанакуеит ахәыҷбаҳча "Бзыԥҭа" анапхгареи аусзуҩцәеи рзы, избанзар аҵарадырра амҩа ианаҳҵеит раԥхьатәи ҳаушьҭымҭацәа, ҳәа азгәалҭеит ахәыҷбаҳча аиҳабы Лонда Агрԥҳа.

Бзыԥҭатәи ахәыҷбаҳча аусура иалагеит жәабранмзазы, аамҭа кьаҿ иалагӡаны арахь ршьаҿа еихыргеит 106-ҩык ахәыҷқәа. Араҟа иаартуп агәыԥқәа хәба, аиҳабыратәи акы, абжьаратәиқәеи аиҵбыратәиқәеи ҩба-ҩба.

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" ахәыҷқәа ашкол ахь рышьҭра иацхраауеит

Шықәсыбжак иалагӡаны ааӡаҩцәа ахәыҷқәа алархәны имҩаԥыргахьеит еиуеиԥшым аныҳәатә программақәа, иаарту асааҭқәа.

Ахәыҷбаҳча раԥхьатәи аушьҭымҭацәа рзы еиҿкаан агәырӷьаратә усмҩаԥгатә. Ааӡаҩ Асҭанда Ҭаниа лоушьҭымҭацәа азыҟаҵаны рҭаацәеи ахәыҷбаҳча аусзуҩцәеи рҿаԥхьа иаадырԥшит шаҟа ашколтә ԥсҭазаара иазыхиоу.

Аныҳәа аартын ахәыҷбаҳча аушьҭымҭацәа инарыгӡаз Апсны агимн ала. Анаҩс ахәыҷқәа ирыԥхьеит ажәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәеи акәашарақәеи.

Раԥхьатәи аушьҭымҭацәа ирыдырныҳәалеит абжьаратәи агәыԥқәа рҟнытә ахәыҷқәагьы.

Аиҳабыратәи агәыԥ "Еҵәаџьаа" иоунажьит 22-ҩык ахәыҷқәа. Иубаратәы иҟоуп дара арҭ аҭыӡқәа рҟны ишрыларааӡаз рхатәы бызшәеи аҵареи рахь абзиабара.

Ааӡаҩ Асҭанда Ҭаниа агәрагара аалырԥшит лааӡамҭацәа ашкол аҟны ахәыҷбаҳча ахьӡ шыдмырԥхашьо. Лоушьҭымҭацәа абзиараз ҳәа раҳәо, ааӡаҩ ирзеиӷьалшьеит раԥхьаҟа аҵарамш рҵарц, рыԥсадгьыл иаԥсоу ҵеицәаны иазгыларц.

"Иахьа ҳара агәырӷьара ду ҳамоуп, мҩамш ҳәа раҳҳәоит раԥхьатәи ҳаушьҭымҭацәа. Излаҳалшоз ала, аамҭа кьаҿ иалагӡаны ахәыҷқәа идҳарҵеит аԥхьаӡашьа, анбанқәа, ажәеинраалақәа. Ахәыҷқәа рыбжьара ирацәаҩуп аматематикеи, асахьаҭыхреи, акәашареи зыхшыҩ азцо. Агәра згоит ашкол аҟны уи еихаҳауа, егьырҭ амаҭәарқәа рҿгьы алҵшәа бзиақәа шаадырԥшуа", — ҳәа азгәалҭеит ааӡаҩ Асҭанда Ҭаниа.

Аҭаацәа ракәзар, рыхшара ирзааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит, агәрагьы ддыргеит аԥсуа школ ишаврымго, ишеихарҳало ахәыҷбаҳчаҟны ирыларааӡаз ахатәы бызшәахьы абзиабара.

"Аҭаацәа ҳахьӡала ааӡаҩ иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит ҳхәыҷқәа рхатәы бызшәа агәыбылра ахьыдлыркыз. Аиашазы, раԥхьаӡа ахәыҷбаҳчахь зшьаҿа еихызгаз рыбжьара ирацәаҩын аԥсышәала ацәажәара зцәыуадаҩыз. Иахьа зегьы рхатәы бызшәала аҷҷаҳәа ицәажәоит. Ҳхәыҷқәа рықәра шмаҷӡоугьы рдыррақәа ҳаареигәырӷьаратәы ҳаҟоуп, уи азы хымԥада ааӡаҩ иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит", — рҳәеит аҭаацәа.

Аушьҭымҭацәа рыхьӡала аџьабаа рыдызбалоз зегьы иранашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

Анаҩс ахәыҷбаҳча аиҳабы Лонда Агрԥҳа ахәыҷқәа рнапаҿы ирылҭеит рхы бзианы иахьаадырԥшуаз азы рыԥсҭазаараҿы изыԥсахаз раԥхьатәи аҳаҭыртә бӷьыцқәа.

Аҵыхәтәаны, аушьҭымҭацәеи рааӡаҩи ахәыҷбаҳча аиҳаби ахәыҷбаҳча аҵакырадгьыл аҟны еиҭарҳаит рыхьӡ зхырҵаз агәалашәаратә ҵла.

Ажәабжьқәа зегьы
0