ОЧАМЧЫРА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟазареи, акультуреи арҿиареи рзы раԥхьатәи Жәларбжьаратәи аҿартә фестиваль "Guenos" Очамчыра ақалақь аҟны иаатит нанҳәа 23 рзы.
"Жәларбжьаратәи афестиваль амҩаԥгара ҳара ҳзыҳәан аҵак ду амоуп. Ауснагӡатә хықәкы хаданы иамоуп амилаҭтә культура аиқәырхара. Афестиваль аҽалархәразы арахь иааит Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Урыстәылантәи, Ахыҵ Уаԥстәылантәи", — иҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Guenos" ахантәаҩы Даур Ҵәыџьба абрифинг аҟны.
Афестиваль апрограмма иалан акәашаратә коллективқәеи, ашәаҳәаҩцәеи рықәгылара, амодақәа дырбара, Аԥсни, Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵақәа.
Афестиваль алахәылацәа рыхә ршьон арепартиор Леван Ҭоддуеи "Москва Аҩны" адиректор хада Зоиа Баутинеи злахәыз ажиури.
"Ҳара даара ҳаигәырӷьоит афестиваль жәларбжьаратәи аҵакы аманы иахьыҟалаз. Ҳгәыӷуеит афестиваль Аԥсны акультуратә ԥсҭазаара иахәҭакны иҟалап ҳәа", — иҳәеит афестиваль аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Андреи Миличенко.
Фестиваль мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 23-26 рзы. Нанҳәа 25 рзы, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара инадҳәаланы имҩаԥысраны иҟоуп агала-концерт.
Аҟазареи, акультуреи арҿиареи раԥхьатәи Жәларбжьаратәи аҿартә фестиваль "Guenos" еиҿыркааит Очамчыра араион Ахадара аҿар рыҟәша, ауаажәларратә еиҿкаара Аҿартә центр "Guenos".