АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аилак "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба Урыстәылаҟа ирыашьҭуа аҩқәа рыхә шыҟац иаанхоит иҳәеит.
Аҩӡба иажәақәа рыла, "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" дистрибиуторс иамоу Урыстәылатәи аилак "Мистраль-алко" заҵәык ауп.
"Ҳара ҳҩы ахьаҳҭиуа Урыстәылаҟа заҵәык ауп, изааҳархәогьы "Мистраль-алко" ауп. Ҳара аиқәшаҳаҭра ҳабжьоуп – уи инақәыршәаны ҩба-хԥа шықәса рахь знык 10 процентк ахәқәа еиҳаҳтәуеит, аха уажәы, амааҭ акаҳара иабзоураны аҭагылазаашьа акыр иуадаҩны иҟоуп", — ациҵеит иара.
Аҩӡба иазгәеиҭеит амааҭ ԥхьаҟатәи ашьақәгылашьа иахьазы азыԥхьагәаҭара шыуадаҩу.
"Ҳара макьаназы адоллар аҽыҳаракра ҳаиааиртә ҳаҟоуп", — иҳәеит иара.
Аҩӡба иазгәеиҭеит ахәқәа асеиԥш, 15-25% рҟынӡа рыҳаракра аӡәгьы дшақәшаҳаҭымхо.
"Иҟалап урыстәылатәи ҳколлегацәа азин ҟарҵар хәы-процентк рҟынӡа ахәԥса аҳаракра. Ашықәс ҿыц анахыс, ҳәарада, ари азҵаара ықәыргылатәхоит", — азгәеиҭеит Аилак "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валерии Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла, ахәԥса аҳаракра хымԥадатәиуп аекономика ахьчаразы.
"Еснагь ухатәы интересқәа ухьчалароуп. Иалшозар, дарбанызаалак аҭиҩы ихәқәа ҳареикуеит, аиҳаракгьы иҟоу аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу аҟны", — иҳәеит Аҩӡба.
Иара убасгьы иҳәеит аԥсуа ҩы аҭиратә хәыԥса аӡбахәала ацәажәара макьаназ иуадаҩуп ҳәа.
"Ҳара аахәаҩ аҩы иааҳархәоит ԥаҭлыкак азы 110 мааҭ рҟынӡа иртәаны. Ҳара иахьазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит Аԥсны анҭыҵынтәи аҩы злаҳхуа аалыҵ аамгакәа ара, аҭыԥантәи аалыҵ ахархәара ҳазхартә еиԥш аиҿкааразы. Убри азы аӡахәаҭрақәа еизҳарҳауеит. Ҳәарада, уи аҟәрышь рацәа зҭаху акакәны иҟоуп", — иҳәеит аҩыҟаҵаҩ.
Афедералтә ҳазалхратә маҵзура ишаанацҳауала Урыстәыла 2015 шықәса актәи азыбжазы аимпорт ҵыԥхтәи ашықәс аимпорт иадукылозар 38,5% рҟынӡа еиҵахеит. Амзыз хада – ауааԥсыра рхашәалақәа реиҵахареи амааҭ адевальвациа аиуреи роуп.
Акыр еиҵахеит Испаниа —12,6 миллион литр рҟынӡа, Италиа – 10,9 миллион литр рҟынӡа, Франциа – 10 миллион литра рҟынӡа рыҩқәа Урыстәылаҟа раагара.
Иреиҳаӡоу атәыла-импортиорцәа рыбжьара аизҳара азырбаз Аԥсны заҵәыкоуп – 7,7 миллион литра аҩы Урыстәылаҟа инашьҭын.
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны, Италиеи, Испаниеи, Франциеи рышьҭахь аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҩы аимпортиор аҳасабала. Уаанӡа иара иаԥысуан Чили, Украина, Молдавиа, Болгариа, ҵыԥх – Қырҭтәылагьы.