00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аԥсни Новосибирски русеицура лҵшәас иаиур алшо: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ ицәажәара
13:05
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Амедицинатә класс ахь ашколхәыҷқәа рыдыркылоит: ахҳәаа
13:45
4 мин
Аиҿцәажәара
Гәылрыԥшь ашколқәа аҵарашықәс разыҟаҵашьа: аҵараҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ ицәажәара
13:49
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Гражданин и начальник
Хана Гунба рассказала о готовности к новому учебному году в Абхазии
14:21
25 мин
Гражданин и начальник
Гунба об обеспечении учебниками школ Абхазии и сотрудничестве с Россией
14:44
27 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аиҿцәажәара
Ауниверситет азеиԥшнхарҭа астудентцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу: аиҳабы ицәажәара
18:19
9 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аҟәатәи ашколқәа актәи акласс ахь ирыдыркылеит 800-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа

© Sputnik Томас ТхайцукПервое сентября в школе Лицей-Интернат
Первое сентября в школе Лицей-Интернат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵарашықәс ҿыц хацыркхеит.

АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik, Саид Барганџьиа. 800-ҩык рҟынӡа актәи акласс аҵаҩцәа ақалақь ашколқәа ирыдыркылеит лҳәеит Аҟәа ақалақь аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, ақалақь аҵара Аусбарҭа школқәак рҟны хыхь-хыхьлатәи аремонт ҟанаҵеит.

"Аҭаацәа рыцхыраарала школқәак хыхь-хыхьлатәи аремонт рызун" — лҳәеит Аҟәа ақалақь аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа.

Арҵаҩцәа рганахьала ақалақь ашколқәа еиқәыршәоуп ҳәа азгәалҭеит Адлеиаԥҳа.

"Ҳара акадырқәа рзы адефицит ҳаман ҳаҟам. Џьара-џьара абаҩырҵәыразы арҵаҩцәа асааҭ рацәа рымоуп, аха макьаназы ус ҳаҟоуп", — ацылҵеит лара.

Аԥсны зегь еиԥш Аҟәатәи ашколқәа рҟынгьы ипроблеманы иҟоуп ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа иахәҭоу аҩаӡарала дырҵара.

"Ари зегь еицырзеиԥшу проблемоуп. Зегь гәыҵханы иҳамоуп ҳхәыҷқәа ишахәҭоу еиԥш рхатәы бызшәа ахьырзымдыруа. Уажәы иҳагәҭакуп аԥсуа школқәа рҟны азыҟаҵаратә классқәа раартра. Уаҟа ахәыҷқәа рцәажәара азхьаԥшра аҭахоит. Нас, актәи аклоасс аҟны еиҳа ирзымариахоит. Аԥсуа бызшәа аҿиараз Афонд ацхыраара ҳанаҭалап ҳәа ҳгәыӷуеит", — лҳәеит Аусбарҭа аиҳабы.

Ацхыраагӡатә школ ахәыҷқәа 13-ҩык рзы раԥхьатәи аҵәҵәабжьы геит

Лара лажәақәа рыла, ашколқәа рҟны арҵагашәҟәқәа азхом.

"Арҵагашәҟәқәа рыхәҭак аҭаацәа иаархәалар акәхеит", ҳәа азгәалҭеит Адлеиаԥҳа.

Аԥсны ашколхәыҷқәа дрыдныҳәалеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитрии Гәарамиа.

"Ашколхәыҷқәа зегьы аҵарашықәс ҿыц шәыдысныҳәалоит. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа аҵараҟны. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит аҵара ахаҭабзиара аиӷьтәразы", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Раԥхьаӡа акәны ашколахь лшьаҿа еихылгеит Кристина Гадлиаԥҳа лыӡӷаб.

"Сгәыӷуеит лхатәы бызшәала инеиужьны дцәажәо дҟалап ҳәа. Арҵаҩцәа зегь рус ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, агәра згоит ҳаицхырааны аԥсшәа бзианы ишылҳарҵо", — лҳәеит ан.

2014 шықәсазы Аԥсны аус руан аԥсуа школқәа 62, аурыс школқәа 46, аԥсуа-аурыс школқәа 16, аирман школқәа 31, ақырҭуа школқәа 11.

Ажәабжьқәа зегьы
0