Виачеслав Чрыгба: Аԥсны азхаҵара иаиуз атәыла ашәарҭадара иашьагәыҭуп

© Sputnik Томас ТхайцукПресс-конференция Чирикба В.А.
Пресс-конференция Чирикба В.А. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Sputnik иазеиҭеиҳәеит быжьшықәса рыҩныҵҟа аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҿиашьа атәы.

2008 шықәса рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра аназханаҵа ашьҭахь Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиашьа атәы далацәажәеит Виачеслав Чрыгба. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Асҭанда Арӡынԥҳа.

–Иҵит быжь-шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра азханаҵеижьҭеи. Шәара шәышԥахцәажәои усҟани иахьеи ирыбжьаркуа аамҭа?

–2008 шықәса нанҳәа 26 Аԥсны аҭоурых азы иреиҳаӡоу рыцхәны иушьар ауеит. Зегьы ирыцкуп ари азхаҵара амилаҭ ршәарҭадара ахьалнаршоу. Избанзар, ашәарҭадара иарбанызаалак ажәлар рзы ихадоу акоуп. Иахьазы ҳара иҳамоуп алшара ҭынч анхараз, аусураз, аҿиараз, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш аргылараз.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥнаго авизит

Аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара аофициалтә ҳәынҭқаррабжьаратә ҟазшьа рымоуп. Анапы рыҵаҩуп 80 инареиҳаны еиқәшаҳаҭра. 2014 шықәса рзы анапы аҵаҩын аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра ду. Иара ԥхьаҟатәи ҳаизыҟазаашьақәа аимпульс ҿыц рнаҭоит. Урыстәыла афинанстә цхыраара ду ҟанаҵоит ҳекономика, ҳинфраструктура рыцхырааразы, аҵареи, агәабзиарахьчареи русхк аизырҳаразы, ҳарратә мчрақәа реиҭарҿыцразы. Иааидкыланы иуҳәозар ҳаизыҟазаашьақәа адинамика рыҵаны иҿиоит. Асеиԥш иҟоу ахырхарҭа ԥхьаҟагьы иацҵахоит.

–Урыстәыла Аԥсны ахьазханаҵаз ҵакыс иамааз? 2008 шықәса рзы Урыстәыла ари аҩыза ашьаҿа ҟанамҵазҭгьы иҟаларц иалшоз?

–Урыстәыла ҳәынҭқарра дууп, ООН Ашәарҭадаратә хеилак иалахәылоуп. Имыцхәуп аҳәара асеиԥш иҟоу атәыла ду Аԥсны ахьазханаҵаз иамоу аҵакы аҳаракыра. Урыстәыла ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу. Иахьа, 2008 шықәса иадкыланы уахәаԥшуазар, Аԥсны адунеитә еилазаараҟны иааннакыло аҭыԥ зынӡа аҽакуп. Азхаҵара апроцесс ԥхьаҟагьы имҩаԥыслоит. Ианакәу аҳәара уадаҩуп аха сара агәра згоит Аԥсны ООН иалахәылоу тәылан иҟалап ҳәа. Амала, ари азы ирацәаны аусура аҭахуп, ус зхала иҟало акакәны иҟам.

Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рнапы аҵарҩит визада аиҭанеиааираз Аиқәшаҳаҭра

–Хәшьарас иашәҭоузеи аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра анагӡашьа?

–Аиқәшаҳаҭра анагӡаразы иахьа имҩаԥысуеит аусурақәа рацәаны. Зегьы атәыла Ахада хылаԥшра риҭоит. Аусура иалахәуп атәыла Ахада Иусбарҭа, Аминистрцәа Реилазаара, Апарламент. Сара сгәы иаанагоит зегьы ианаамҭоу азы иаларҵәахап ҳәа.

–Ииасыз ашықәсқәа рзы Урыстәыла аԥара азоунажьуан еиуеиԥшым, асоциал ҟазшьа змоу аобиектқәа реиҭашьақәыргылараз. Сынтәа Урыстәылантәи аԥара аара макьаназ иаанкылоуп. Апарламент аҟны иҟоуп агәаанагара уи зыхҟьаз Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рганахьала аусҳәарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа аус рыдулароуп ҳәа. Абри хҳәаас иашәҭоузеи?

– Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рганахьала аусҳәарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа аус рыдулара иаҿуп. Сгәы иаанагом абри аганахьала ԥырҟәҟәаарак ыҟоуп ҳәа. Иаздырхио аиқәшаҳаҭрақәа зегьы аҩ-ганкгьы аинтерес ззеицрымоу атемақәа ирыҵаркуеит. Ихадоу, аусҳәарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа 2014 шықәсазы анапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра иақәшәозароуп.

Виачеслав Чрыгба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгба: аԥсуаа ҳмилаҭтә хаҿра аԥсуа бызшәада иаҳзеиқәырхаӡом

–Еиҭа актуалра злоу аҽа зҵаарак – Аԥсны анефҭ аҵхра. Аԥсны Апарламент иагәҭакуп Аԥсназы анефҭ аҵхра хра аманы иҟоу иҟаму. Анефтианикцәа русура аанкыланы идырӡхьоу аԥарақәа реиҭархынҳәра ргәы ишҭоу атәы иалацәажәахьеит. Абри иахышәҳәаауеи?

–Сара изныкымкәа исҳәахьеит ҳара ҳмал, ари – атуризм, ақыҭанхамҩа, аиҳарак ацитрустәқәа, араса, аҩы русхк, аӡқәа, агидроенергетика, атәыла иаиуа ашәахтәқәа роуп ҳәа. Иахьазы урҭ рыхәҭак аҳәынҭқаррахь инеиуам. Убри ауп изыхҟьо ибеиоу атәылаҟны ауаа рыбзазара акырӡа илаҟәны аҟазаара, атәанчахәқәеи аулафахәқәеи, аҳәынҭқарратә биуџьети ԥсымышьҭыгак изеиԥшу. Абасеиԥштәи аҭагылазаашьаҟны аҳәынҭқарра аекономика ашәшьыра иҵнагароуп, иамоу арезервқәа аус руртәеиԥш аҭагылазаашьақәа аԥнаҵароуп.

Ҳәарада, Аԥсны анефҭ аԥшаареи аҵхреи рызҵаара иныҭкааны иҭҵаатәуп. Иахьа уажәраанӡа ари аус нап адкылам, анефҭ аҵхра аекономика еиԥш аекологиатәии агеополитикатәии ҵакы шамоугьы. Ус акә егьыс акә, аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп, аҳәынҭқаррақәа рхахьы иргахьеит ауалԥшьақәа. Иара аанкылахар, аихамҩатә уал иацлоит анефҭтә уалгьы. Аҭагылазаашьа шыҟоу абас ауп…

–Аԥсны ирацәаны урыстәылатәи атуристцәа рыԥсы ршьоит. Мраҭашәаратәи асанкциақәа ҳтәылахь атуристцәа раара ишԥаныԥши? Атуристцәа ршәарҭадара Аԥсны изеиԥшроузеи?

–Сара сгәы иаанагом мраҭашәаратәи атәылақәа рсанкциақәа аратәи аҭагылазаашьа ианырит ҳәа. Ара еиҳарак аҵакы рыманы иҟоуп аекологиа бзиа, ахәқәа рылаҟәра, аԥсабара хазына, амшын, рацәак еиҳамхазаргьы асервис аиӷьтәра, асанаториақәеи аԥсшьарҭа ҩнқәеи инарываргыланы аотель маҷқәеи ауааԥсыра рҟны аангылареи ралыршара, ибааԥсым атранспорттә инфраструктура, урыстәылатәи амааҭ аусура, аҳәаа ааигәара у.у.е. иара убасгьы аҵакы аманы иҟоуп адоллари аеврои инарываргыланы амааҭ акаҳара – уи иаруадаҩит аҳәаанхыҵҟа ацарақәа. Аԥсны азы атурист аамҭа бзиақәа ԥхьаҟагьы иаҳзыԥшуп. Аха иҟоуп ихадоу зҵаарак. Иаиуазеи аҳәынҭқарра атурист индустриа аҟынтәи? Аамҭа иаҳнарбоит абри ҳекономиказы аҵак ду зманы иҟоу азҵаара аӡбра ҳалшоу иҳалымшоу.

МИД РА - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны Аҳәамҭа ҟарҵеит

Атуристцәа рыԥсшьара ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа зынӡа уаҩ дзыцәшәаша акәны иҟам ҳәа сгәы иаанагоит, сара ари аганахьала ҟазак сакәны сшыҟамгьы.

– Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭоума арепатриантцәа рыргьыжьразы?

–Урыстәылатәи аиҳабыратә мчрақәа ҳџьынџьуаа рганахьала иҳазцәырҵуа апроблемақәа рыӡбараҟны еснагь иалшо ала адгылара ҳарҭоит. Уи азы иҿырԥшыганы иҟоуп Сириатәи акризис аламҭалаз 500-ҩык инарзынаԥшуа ҳџьынџьуаа раагара. Иара еиҿызкааз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки роуп, аха амҩаԥгараҟны ацхыраара ду ҟарҵеит урыстәылатәи аган аусҳәарҭақәа – Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура, атранспорттә маҵзурақәа. Аурыс ган ҳара иахьагьы арепатриациа азҵаара аганахьала ибзианы ҳаилыркаауеит, адгыларагьы ҳарҭоит.

–Азхаҵара анымҩаԥыс аамҭа инаркны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адәныҟатәи аполитика Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика инақәыршәаны, еицеирашәаны имҩаԥнагоит. Ари Аԥсны адунеижәларбжьаратә аренаҟны аинтересқәа рцәыргара иабанӡахәоу? 2015 шықәсазы анапы аҵаҩын атәылақәа рыҩбагь рминистррақәа рыбжьара Амеморандум. Амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны иарбан шьаҿақәоу ԥхьаҟазы иазыԥхьагәаҭоу?

– Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵаҩыз аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра аԥшьбатәи ахәҭаҷ анагӡара алыршаразы 2015 шықәса хәажәкыра 11 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистри Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистри рнапы аҵарҩит еицеирашәоу адәныҟатәи аполитика анагӡара амеханизм азы Амеморандум. Абри амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рконсультациақәа еснагьтәи рформат. Уаҟа ирылацәажәоит Аԥсны адәныҟатәи аполитика ахырхарҭақәа ирзырхоу азҵаарақәа, аурыс ган уи ишацхрааша азгәаҭаны. Абри амеханизм ацхыраарала еиҿкаахеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи атәымҳәынҭқарратә политикцәеи реиԥыларақәа: Вануату Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Науру апрезидент ихаҭыԥуаҩ уҳәа реиԥш иҟоу аофициалтә хаҿқәа. Уи адагьы ҳделегациак иарбанызаалак тәылак ахь аиҿцәажәарақәа хықәкны ирыманы ицозар, асеиԥш иҟоу аныҟәарақәа конфеденциалтә визитқәоуп еиҳарак, урыстәылатәи аган ацхыраара еснагь иҳамоуп авизит аиҿкаара аганахь аума, атәылақәа реиҳабырақәа рԥылара аиҿкаара аума иреиԥшу азҵаарақәа рҟны.

–Ирацәаҩуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа лҵшәадоуп, аамҭа гагоуп ҳәа изыԥхьаӡо. Шәара шәхаҭа хәшьараны ирышәҭоузеи 2008 шықәса рзы ихацыркхаз арҭ аиԥыларақәа?

–Сара изныкымкәа иҟасҵахьеит ари азҵаара аҭак. Женеватәи аиҿцәажәарақәа зҵакы дуӡӡоу, ООН, ОБСЕ, Евроеидгыла иреиԥшу адунеитә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа злахәу форумуп. Иахьазы иара заҵәык аҟны ауп Аԥсны егьырҭ атәылақәа рыҩаӡара аҩаӡараны аиҿцәажәарақәа ахьымҩаԥнаго. Женева иалацәажәоит ашәарҭадара аспектқәа, еиуеиԥшым агуманитартә проблемақәа рызҵаарақәа. Аофициалтә еиҿцәажәарақәа рыдагьы араҟа имҩаԥысуеит иофициалтәым аформат иҭаргӡоу аиԥыларақәагьы. Уи адагьы иқәыԥшу аԥсуа дипломатиазы Женева школа дуны иуԥхьаӡар алшоит. Иааидкылан иуҳәозар, иахьазы Женева зыԥсахуа ҳәа акгьы ҳамам, ихадароу иара ҳхы ишаҳзархәоу ауп. Убри азы, Аԥсны Ахада инапынҵақәа инарықәыршәаны ҳара ԥхьаҟагьы арҭ аиҿцәажәарақәа ҳаҽрылаҳархәлоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0