АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҳәаанырцә атәылауаа рахысра аамҭала иаанкылоуп атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит аҟны ишаҳәо ала, аҳәаа ахысраҿы аԥсахрақәа иҟало ртәы хазы ирылаҳәахоит.
"Атәымҳәынҭқаррақәа ртәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл ахь иҭалар алшоит Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иахысны", — ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Иара убри аамҭазы иазгәаҭоуп арҭ аиҭакрақәа Аԥсны аус зуа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русуҩцәа шрыҵарымкуа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл ахь аҭаларазы азин ҟазҵо адокументқәа реиқәыршәаразы иахәҭоу ртәы арбоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит аҟны.