00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
14:33
4 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аҩадатәи Кипр Апарламент ахада официалла Аԥснытәи аделегациа лыдылкылт

© Фото : Сонер ГогәуаАҩадатәи Кипр Апарламент ахада официалла Аԥснытәи аделегациа лыдылкылеит
Аҩадатәи Кипр Апарламент ахада официалла Аԥснытәи аделегациа лыдылкылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Аҩадатәи Кипр иҟоу Аԥснытәи аделегациа русуратә еиԥыларақәа ирыцҵоуп.

АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аҩадатәи Кипр Апарламент ахада, хылҵшьҭрала иадыгоу Сибель Сибер официалла Аԥснытәи аделегациа лыдылкылеит. Апарламент ахада инарҭбааны илзеиҭаҳәан Аԥсны аҭоурых, уи иахьатәи аҭагылазаашьа.  Аԥсуа жәлар аибашьратә мҩа ианысны, аҭынч ԥсҭазаара, аизҳазыӷьара, аҿиарамҩа ишану.

Сибель Сибер иазгәалҭеит Аԥсныҟа аара шылҭахыу, шьала-дала еизааигәоу аԥсуа-адыга жәларқәа рыешьара шырӷәӷәалатәу, аиҭанаиааира аҳәаақәа шырҭбаалатәу.

"Сара сызланхо ажәлар 50 шықәса раахыс  ахақәиҭреи ахьыԥшымреи иазықәԥоит. Урҭ рхықәкы наӡар сҭахыуп. Шәареи ҳареи ҳаиҭанаиааира, хымԥада, еиҳа ҳаизааигәаны ҳаибадырыртә еиԥш алшара ҳнаҭоит. Ҳтәылаҿы шәбара даара гәахәала исыдыскылеит. Агәра ганы сыҟоуп ҳусеицура амҽхак аԥхьаҟа иҵегьы ишацҵахо", — ҳәа азгәалҭеит апарламент ахада.

Ахәҭакахьала, Аԥснытәи аделегациа Апарламент ахада илзеиҭарҳәеит Аҩадатәи Кипр рыҟазаара иалагӡаны акыр аиԥыларақәа ишрылахәыз.

Аԥснытәи аделегациа Аҩадатәи Кипр иаҭааны иҟоуп

"Сара даара ахә ҳаракны исшьоит Кипртәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҩаӡара аҳаракыра, астудентцәа ироуа адырра бзиа. Арҵаҩратә еилазаара рбаҩхатәреи, ииашаны ишьақәгылоу аҵаратә процесси ирыбзоураны, атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтә шәуниверситетқәа рахь аҵара зҵарц иаауа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп. Уи даара иҿырԥшы бзианы иаҳзааиуеит", — иҳәеит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Аиԥылара хыркәшауа, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа, Кипртәи апарламент ахада ҭабуп ҳәа леиҳәеит, аамҭа ԥшааны,  гәаартыла еицәажәартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьаԥылҵаз. Иара убас, гәаларшәагас аҳамҭақәа еимырдеит.

Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа, Аԥсны аҵареи, аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба, иара убасгьы Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Инар Гыцба. Урҭ уа рыҟазаара иалагӡаны акыр аиԥыларақәа мҩаԥыргахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0