Аҟәа иаатит агәыҳалалратә фотоцәыргақәҵа

© SputnikБлаготворительная выставка "Христианские памятники Абхазии"
Благотворительная выставка Христианские памятники Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵаҟны еизыргараны иҟоу аԥарақәа зегьы рзынашьҭхоит ҩышықәса раԥхьа зыҩны блыз, Араду ақыҭан инхо ахәыҷырацәа змоу аҭаацәара.

АҞӘА, цәыббра 11 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. "Аԥсны ақьырсиантә баҟақәа" рфотопортреҭқәа рцәыргақәаҵа-ҭира агәыҳалалратә акциа аадыртит Аҟәа, акультура-устә центр "Москва Аҩны" аҟны. Ауснагӡатә еиҿнакааит агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз".

"Кьараз" анагӡаратә директор Кама Гоԥиаԥҳа ишылҳәаз ала ацәыргақәҵаҟны еизыргараны иҟоу аԥарақәа зегьы рзынашьҭхоит ҩышықәса раԥхьа зыҩны блыз, Араду ақыҭан инхо ахәыҷырацәа змоу аҭаацәара.

"Ҩышықәса раԥхьа ари аҭаацәара рыҩны блит. Иахьанӡагьы дара аказарма иҩноуп. Аҭаацәара рҟны ирызҳауеит хҩык ахәыҷқәа, даҽа ҩыџьа риира иазыԥшуп", — ҳәа еиҭалҳәоит Кама Гоԥиаԥҳа.

Афотоцәыргақәҵа жьҭаара 10 рҟынӡа иҟоуп, изҭаху илшоит даҭаар, аекспонатқәа ааихәар.

Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп агәыҳалалратә акциа

"Мызкы аҩныҵҟа дарбанызаалак илшоит дааины аусумҭақәа ибар, иааихәар. Иҟоуп аҽаӡәы игәырҩа иамырҭынчуа ауаа. Уажә урҭ ирылшоит рлагала ҟарҵарц, абри аҭаацәара ду реизҳазыӷьара аус аҿы рыхәҭа ацырҵарц", — лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа рызкуп Аԥсны иҟоу ақьырсиантә архитектуратә баҟақәа. Афотосахьақәа ҷыдала агәыҳалалратә акциазы иазирхиеит петербургтәи апатреҭҭыхыҩ Фиодор Лашков. Апроект автор – археолог, аҭоурыхҭҵааҩ, аиҿкаара "Кьараз" ацаԥшьгаҩ Наталиа Милованова лоуп. Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирыдгалахоит Афон Ҿыци Драндатәи аныхабаақәа рсахьақәа хәба. Аҭааҩцәа ирылшоит иара убасгьы иаархәарц ашәҟәқәа "Абхазия христианская", "Полет над Абхазией".

Аиҿкаара "Кьараз" аусура хацнаркит аволонтиортә акциақәа рыла Facebook адаҟьақәа рҟны. Иахьазы аусура мҩаԥнагоит ақыҭатә хадарақәеи ауаажәларратә активистцәеи дареи анырра рыбжьаҵаны. Агәыҳалалратә еиҿкаара иалахәуп 15-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0