АҞӘА, цәыббра 11 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Жьҭаара 7 инаркны 17-нӡа, аҳҭнықалақь Аҟәа, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаԥысраны иҟоуп асахьаҭыхыҩцәа злахәу Жәларбжьаратәи Арт-пленер. Уи азкыуп Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба 70 шықәса ихыҵра.
Ари аусмҩаԥгатә еиҿыркаауеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, Аԥснытәи амилаҭтә галереиа, Ихьыԥшым асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла "Аԥсны-Арт".
Сынтәа Арт-пленер хынтәны имҩаԥысуеит.
Уи рхы аладырхәуеит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтә еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа, апрофессорцәа, астудентцәа.
"Раԥхьатәи амш азы иазгәаҭоуп анаука-практикатә конференциа. Уи тема хадас иамоуп ажәытәи аҿатәи аамҭақәа реимадара, реигәныҩра. Еихшоуп абарҭ ахәҭақәа рыла: аҿыханҵа, аметодикатә знеишьақәа, амастер-класс, афиласофиа, апоезиа, амузыка, аҭоурых, афольклор", – ҳәа азгәеиҭеит аиҿкааратә хеилак ахантәаҩы, асахьаҭыхҩы Ныгәзар Логәуа.
Иара убас, урҭ амшқәа ирылагӡаны, асасцәа алшара роуеит Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаара. Иаҳҳәозар: Аҟәа ақалақь, Афон ҿыц, аӡиа Рица, Бедиатәи ауахәама, Ешыра аибашьра ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа.