00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Аиҿцәажәара
Аԥсни Урыстәылеи раԥхьатәи ртактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа: ахҳәаа
13:20
4 мин
Аиҿцәажәара
"Хьыӡрацара": ахәмарра аԥсуа мифолигиа ашьаҭала иаԥҵахеит
13:24
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Аиҿцәажәара
Ҟәланырхәатәи аҩбатәи абжьаратә школ азы алабҿабагатә хархәагақәа: ахҳәаа
13:43
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
«Ақыҭа амч-Аԥсны агәадура»: Гәылрыԥшь араион аҿы аицлабра шцо еилаҳкаауеит
13:46
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Турбаза
Абхазия вне сезона: как привлечь туриста зимой
14:18
7 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла аиубилеитә концерт аҽазыҟанаҵоит

© Фото : Медия-архив Хорового ФестиваляГосударственная хоровая Капелла Абхазии на Московском Пасхальном фестивале. Архивное фото.
Государственная хоровая Капелла Абхазии на Московском Пасхальном фестивале. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә хортә капелла аиубилеитә концерт мҩаԥнагоит цәыббра 15 рзы, Аҟәа.

АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҳәынҭқарратә хортә капелла аиубилеитә концерт мҩаԥнагоит цәыббра 15 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

1969 шықәса рзы ахортә капелла аԥҵара ареспублика амузыкатә культуразы аҵак ду зманы иҟалаз хҭысын ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭалҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахортә капелла адирижиор Нора Џьынџьалԥҳа.

"Аҳәынҭқарратә хортә капелла профессионалтә коллективуп. Иамоуп ахатәы ҭоурых, атрадициақәа. Ахәаԥшцәа бзиа еицырбахьеит. Аиубилеиҵәҟьа ҵыԥх акәын ианыҟаз, маҷк ҳагхеит. Акапелла аԥҵан Аҟәатәи амузыкатә училишьче аҟны иҟаз аоператә студиа шьаҭас иаҭаны. Аучилишьче адиректор Алықьса Чычба иоуп акапелла еиҿызкааз", — ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Лара лажәақәа рыла аиубилеитә хәылԥаз апрограмма иалалоит еиуеиԥшым ашәақәа.

Аԥснытәи ахортә капелла Санкт-Петербург иқәгылоит

"Аиубилеитә программаҟны иҟалоит аклассикатә рҿиамҭа, адоуҳатә музыка, мексикатәии италиатәии ашәақәа. Амҩаԥгара ҳнаҭоит акамертә оркестр. Аконцерт ааҳартуеит Аԥсны агимн ала", — лҳәеит адирижиор.

Аҳәынҭқарратә хортә капелла аԥҵан Аҟәатәи амузыкатә училишьче аҟны иҟаз аоператә студиа шьаҭас иаҭаны, аучилишьче адиректор Алықьса Чычба ицхыраарала. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иара анапхгара арҭон Ражьден Гәымба, Алықьса Чычба, Вадим Судаков, Виачеслав Аиба, Нодар Ҷанба.

1996 шықәса инаркны иахьанӡа акапелла анапхгаҩыси ирижиор хадаси дыҟоуп Аԥсны жәлар рартистка Нора Џьынџьалԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0