Аԥсны амедиа саркьаҿы: анырԥшра аҭахуп, аха иреицаклатәым

© flickr.comМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауаажәларратә телехәаԥшра аиҿкаара шаҭаху дазааҭгылоит аполитолог, Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаԥҳа.

Наҭела Акаԥҳа, Sputnik

Ҳара, 21-тәи ашәышықәсаҟны инхо зегьы ҳашьцылеит аинформациатә уаажәларратә еилазаараҟны анхара. Иазшьоуп аинформациатә уаажәларратә еилазааразы ихадоу акәны иҟоуп ҳәа аинформациеи адыррақәеи, ҳәарада аинформациатә технологиақәагьы (аиҳаракгьы аелектронтәқәа). Аинформациатә уаажәларратә еилазаараҟны ихадоу аҵакы аманы иҟоуп агәаанагара ахы иақәиҭны аҳәара, аинформациа инарҭбааны аиура, аҵара ахаҭабзиара, акультуратәи абызшәатәи еиԥшымзаара пату ақәҵара.

Иара убри аан аинформациа реиҳа ихадоу економикатә ресурсуп, массала ах иадырхәо тауарк акәны иҟалеит, амобилтә ҭелқәеи акомпиуторқәеи рхыԥхьаӡареиԥш урҭ аинтернет радҳәалара ахыԥхьаӡарагьы ауаажәларра рыҿиара аҩаӡара иарбагахеит.

Арадио Sputnik Аԥсны аусура иалагеит

Адемократиатә ҳәынҭқарра ашьақәгылара азыԥхьагәазҭо ируакны иҟоуп зых иақәиҭу АИХ (СМИ) аҟазаара. Убри инадҳәаланы иазааҭгылатәуп арии атема. Иҟалап ҳтәылауаа иргәалашәозар Вашингтон иҟоу аиҿкаара Freedom House ("Дом свободы") есышықәсатәи, адунеи аҟны адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рмониторинг иазку ажәахәқәа рҟны Аԥснгьы иалацәажәон. Убри аан иазгәанаҭон "ахәҭакахьала зых иақәиҭу тәылоуп" ҳәа. Еиду Америкатәи аштатқәа рнапхгара ҳреспубликахь рацәак иаадмырԥшуа абзиабара азгәаҭо иуҳәар алшоит аригьы ибааԥсу рбагам ҳәа Аԥсны адемократиа арҿиаразы.

Хыхь зыӡбахә ҳәо иаанагом уи ҳгәарԥханы ҳгәы ҳарҭынчыр ҟалоит ҳәа, ҳала иаҳмырбароуп ҳәа Аԥсны амедиитә ҵакыраҟны иҟоу апроблемақәеи атенденциақәеи, еиҳаракгьы амассатә информациа ахархәагақәеи аоппозициеи реизыҟазаашьаҟны.

Абри атема акәын изызкыз, ахәаша имҩаԥгаз астол гьежь аҟны аилацәажәарақәа. Иара еиҿкаан аоппозициатә партиақәа раԥшьгарала.

Ирина Агрбеи егьырҭ аоппозициа алидерцәеи иазгәарҭеит аофициалтә АИХ(СМИ) дара рыкритикатә қәгыларақәа ишахәҭоу еиԥш ишаанамырԥшуа, ишырҭаху еиԥш аинформациа аиура шрылымшо, ари зегьы адемократиатә еилазаара иахәҭакны ишыҟоугьы.

Жәлар Реизарахьи, атәыла Ахада Иусбарҭахьи иара убасгьы Аҳәынҭқарратә телехәаԥшрахьи аиҿцәажәара ахалархәразы инашьҭыз ааԥхьарақәа ирхамыҵгылеит. Уи рбагак еиԥшны иҟоуп иахьатәи атәыла аполитикаҩныҵҟатә ҭагылазаашьазы. Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа рфонд "Аԥра" анапхгаҩы Аслан Бжьаниа иқәгылараан ажурналистцәа ааԥхьара риҭеит иаартны иҟоу аҭагылазаашьа атәы рҳәаларц, џьоукы ишырҭаху еиԥш аҭоурых асара иаҟәыҵырц.

Ауаажәларратә телехәаԥшра альтернативак аҳасабала

Астол гьежь алахәылацәа иазгәарҭеит адемократиатә ҳәынҭқарраҟны аоппозициа аҟазаара хра аманы ишыҟоу аполитикатә процессқәа рыҿиараҿы. Абри аконтекст инақәыршәаны иазгәарҭеит амчреи аоппозициеи реиҿагылара аҭыԥ амазар шакәу, АИХ(СМИ) акәзар аиҿагылара амца аҵамҵакәа дасу игәаанагара аартны иҳәартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟанаҵалароуп. Ажурналист Кристиан Бжьаниа еизаз иргәалаиршәеит иахьатәи амчрақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩыаоппозициаҟны ианыҟаз еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны ишышьҭырхуаз аинформациа амассатә хархәагақәа рхақәиҭреи, аинформациа аиуреи, амчрақәа раартреи уҳәа реиԥш иҟаз атемақәа. Иахьазы урҭ ари атема аинтерес рцәыӡит. Кристиан Бжьаниа иара убасгьы далацәажәеит Аԥсу Ауаажәларратә телехәаԥшра аԥҵара апроблема. Астол гьежь алахәылацәа жәпаҩык омашәа ирбоит уаанӡа Ауаажәларратә телехәаԥшра аҟазаара иадгылоз амчраҟны ианааи нахыс уи аӡбахә иахьаламцәажәо.

Аоппозициа агәынамӡара еилукаар ауеит, избанзар ателехәаԥшра ауаажәларратә гәаанагара аиҿкаараҟны ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Ус еиԥш иҟоуп аҿиара змоу атәылақәа рҟынгьы, уа аинтернети асоциалтә ҳақәеи зегьы рхы иадырхәартә алшарақәа шыҟоугьы. Аԥсны аинтернети асоциалтә ҳақәеи зегьы рхы иадырхәартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам. Абасеиԥш аан альтернативтә информациа аиуразы Ауаажәларратә телехәаԥшра аҟазаара иалнаршон ауаажәларратә гәаанагара ишуҭаху еиԥш иахьуҭаху иузмырхио аҟазаара, иаԥнаҵон аполитикатә плиурализм иаша аҟазааразы аҭагылазаашьақәа.

Ахәԥса зшәода анапхгарагьы ҟазҵода?

Аԥсны Ауаажәларратә телехәаԥшра аҟазаара иалацәажәо астол гьежь алахәылацәақәак ақәшаҳаҭхеит ари аус апроблемақәа зегь аӡбо ишыҟамло аха иара убри аан амедиатә ҵакыра шарҭбаауа. Адунеи аҟны иҟоуп аҿырԥштәқәа ауаажәларратә телехәаԥшра аусура ҵоураны иахьыԥхьаӡоу. Азин аганахьала иара аҳәынҭқарра мамзаргьы ахатәхаҿқәа иртәны иҟамзароуп, иуаажәларратәызароуп. Ус анакәха иарбанызаалак аинформациатә политика аҳәаақәа ирҭыганы, аобиективтә ҟазшьа аманы аинформациа ауааԥсыра ирынаҭалароуп.

Иара аԥаразоужьра акәзар, уи аиҿкаара алшоит абонентцәа ахархәараз иҟарҵо ашәарақәа рҟынтәи ма абри ахықәкы азы аҳәынҭқарра иоунажьуа абиуџьеттә ԥарақәа рҟынтәи. Ауаажәларратә телехәаԥшра иара убасгьы иалшоит аԥаратә зоужьра аиурц еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҟнтәи – ателехәаԥшцәа, акорпорациа дуқәа, хатәгәаԥхаралатәи аԥарашәара, агрантқәа рҟынтәи.

Анапхгара еиҿыркаауеит ауаажәларраҟны еиҳарак ҳаҭыри-патуи зманы иҟоу ауаа рхеилак ала. Урыстәылатәи Афедерациаҟны Апрезидентгьы далахәуп ахылаԥшратә хеилак аиҿкаареи аилазаара ашьақәыргылареи. Урыстәылатәи Ауаажәларратә телехәаԥшра ахеилак ахь акандидатурақәа нарышьҭыр ауеит НКО еиԥш ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы. Ахылаԥшратә хеилак алахәылацәа азин рымам аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рхагылара мамзаргьы адырраҭаратә еиҿкаарақәа рҟны ахатәы интересқәа рымазаара.

Иаҭахызар ҟалап уаанӡа изныкымкәа излацәажәоз Аԥсны Ауаажәларратә телехәаԥшра аԥҵара азҵаарахь ахынҳәра. Иақәшаҳаҭхои иақәшаҳаҭымхои раргументқәа ҳарзыӡырыҩны иахәҭаны иҟоу аӡбра ҳадаҳкылароуп, убри аан иазгәаҭатәуп дасу игәаанагара иҳәарц шилшо. Ахатә гәаанагара аҳәареи альтернативтә информациа аиуреи рзин ауаажәларра рҟны иалнаршоит иахьазы аҭыԥ змоу агәреибамгареи аилибамкаареи рыцәхьаҵра.

Ажәабжьқәа зегьы
0