Кавказ жәлар иуникалтәу рнаплыхқәа Аҳәынҭқарратә музеи аҿы ицәыргахоит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаВыставка национального рукоделия народов Кавказа пройдет в Сухуме
Выставка национального рукоделия народов Кавказа пройдет в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа еиҿкаахоит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора раԥшьгарала, Аиааира амш азгәаҭара инадҳәаланы.

АҞӘА, цәыббра 16, Sputnik — Бадраҟ Аҩӡба. Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә наплых ацәыргақәҵа еиҿкаахоит цәыббра 18-25 рзы Аԥснытәи амилаҭтә музеи аҟны.

"Ари амза Аԥсны еиԥш Кавказ зегь азы иԥшьоу мзоуп, избанзар аԥсуаа ҳиааира амш иадҳәалоуп. Ҳгәырӷьара ҳацеиҩыршарц арахь иааит Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа. Амилаҭтә наплых аҭҵаареи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аиқәырхареи ҳҭоурых азы аҵакы аманы иҟоуп. Агәра згоит абри раԥхьатәи ҳшьаҿа аизҳареи аԥеиԥши шамоу", — иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьапуа Ҭырқәтәылатәи асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аусзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит амузеи аҟны ацәыргақәҵа амҩаԥгара аидеиа шцәырҵызи иара хықәкқәас иамоуи.

"Ҭырқәтәылатәи Акультуреи аҵареи рфонд "Шамиль" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны ацәыргақәҵа еиҿаҳкаарц. Ацәыргақәҵа иахықәкны иҟоуп иаҳцәыӡхьоу амилаҭ напкымҭа аиҭарҿиара. Ҳәарада ҳара иаразнак иҳадыргалаз аинтерес ҳкит", — лҳәеит Шамԥҳа.

Старший научный сотрудник Отдела этнологии Абхазского государственного музея, этнолог Инга Шамба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Инга Шамԥҳа: раԥхьаӡа акәны аԥҳәыс хҭырԥа ахьызба Мгәыӡырхәа ақыҭаноуп

Лара иазгәалҭеит ацәыргақәҵаҟны ишцәыргахо Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә напкымҭа еиуеиԥшым атехникала инагӡоу акымҭақәа.

"Арҭ атехникақәа рахь иаҵанакуеит еиуеиԥшым акәылӡытә ԥарақәа, ахҭырԥа арԥшӡарақәа, асырма уҳәа егьырҭгьы. Иҟоуп иара убасгьы араӡынлыхқәагьы, амилаҭтә усдулара рыманы, ахыркыра рыҭаны", — азгәалҭеит Шамԥҳа.

Акультуреи аҵареи рфонд "Шамиль" анапхгаҩы Ренгин Иурдаку Цемен инаҵшьны илҳәеит 2012 шықәса рзы ишцәырҵыз Кавказ ажәларқәа рнапкымҭа иатәу амаҭәарқәа реизгара аидеиа.

"Ҭырқәтәыла Кавказтәи ажәларқәа рнапкымҭақәа дара иртәны иахәаԥшуеит. Ҳара анапкымҭақәа реизгара ҳалагеит иаҳцәыӡуа аиқәырхаразы. Иаҳҳәап ҳара ишьақәҳарӷәӷәеит ахыцхарԥатә ԥара аелементқәа кавказтәи ашьаҭақәа шрымоу", — лҳәеит анапхгаҩы Ренгин Иурдаку Цемен.

Афонд анапхгаҩы иара убасгьы илҳәеит Акультуреи аҵареи рфонд "Шамиль" аҟны итрадициатәу анапкымҭақәа реиқәырхаразы ишаԥҵоу акурс ҷыдақәа, ари аҟазара знапахьы иаазгарц зҭаху зегьы рзы.

Цәыббра 18-25 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны еиҿкаахо Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә наплых ацәыргақәҵаҟны аҭааҩцәа ирыдгалахоит 150 рҟынӡа напкымҭа.

Ацәыргақәҵа анхыркәшахалак ашьҭахь изҭахны иҟоу зегь рзы Акультуреи аҵареи рфонд "Шамиль" еиҿнакаауеит амастер-классқәа.

Акультуреи аҵареи рфонд "Шамиль" еиҿыркааит 1978 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0