АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Агәыҳалалратә фонд "Аԥсни" Москва ақалақь анапхгареи Иури Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи ахԥатәи ашкол ҳамҭас иарҭеит акомпиутертә техника ҿыц – абжьытә система, апроектор, аноутбукқәа хәба — иҳәеит Афонд "Аԥсны" ашьаҭаркҩы Лаша Сақаниа Sputnik аинтервиу аҭо.
Иара иажәақәа рыла, Москва Анапхгара имҩаԥнаго апроект "Аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рыдгылара", — аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика аурыс школқәа быжьба ироухьеит арҵга-методикатә литература, акомпиутертә техника, акинозал.
"Гал ақалақь ашколқәа ҩбеи, Отара ақыҭантәи ашколи, аҟәатәи ахԥатәи ашколи ираҳҭеит атехника ахәҭак. Арҵагатә литература (актәи акласс инаркны ажәеизатәи аҟынӡа) аҟәатәи абжьаратә школ №14, отаратәи ашколи ираҳҭеит", — ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.
Аҟәатәи ахԥатәи ашкол адиректор Маиа Ԥагәаа лажәақәа рыла, акомпиутортә техника ашкол азы ихымԥадатәины иҟан.
"Ҳара иҳамамызт ахәыҷқәа рхы иадырхәаша акомпиутертә техника. Уаанӡа иҳамаз акомпиутерқәа акыршықәса рнаҩс аусура иаҟәыҵхьан", — азгәалҭеит лара.
Лара лажәақәа рыла, ашкол аҟны аинформатика аурок мҩаԥыргом, аха ашкол ахадара ирыгәҭакуп уи аҵаратә процесс иаларгаларц, иаразы иахәҭаны иҟоу адгылара роур.