"Аԥсныргылара" Ешыра ибгаз амҩа ахәҭақәа реиҭашьақәыргылара иалагеит

© Sputnik Томас ТхайцукРемонт дороги
Ремонт дороги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" нап аланакит амшцәгьақәа раан ибгаз ареспубликатә трасса ахәҭақәа ҩба реиҭашьақәыргылара. Аиҭашьақәыргылара ҩымз рыҩныҵҟа ахыркәшара азыԥхьагәаҭоуп.

АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" нап аланакит амшцәгьақәа раан ибгаз ареспубликатә трасса Аҩада Ешыратәи ахәҭақәа ҩба реиҭашьақәыргылара. Аиҭашьақәыргылара ҩымз рыҩныҵҟа ахыркәшара азыԥхьагәаҭоуп. Абри атәы иҳәеит аргыларатә бригада апрораб Даур Ҭраԥшь.

"Ашьаҟатә дәы азырхиара ҳаҿуп, нас ара иаҳарсуеит ашьаҟақәа. Ари зыҟаҳҵо ашьаҭа арӷәӷәаразоуп. Абетон иалху, ф-метрак рҟынӡа инаӡоу аҭӡамц хаагалоит. Аусурақәа рыҭбаара быжьметрак инаӡоит", — иҳәеит Ҭраԥшь.

Апрораб иажәақәа рыла, анџьныртә усурақәа цоит еилаҳаз амҩа ахәҭақәа рыҩбагь рҟны. Иара убасгьы иазгәеиҭеит аиҭашьақәыргылара ҩымз рыҩныҵҟа ахыркәшара шазыԥхьагәаҭоу.

Ақәоурақәа ирыхҟьаны 2015 шықәса ԥхынгәы 11 рзы Аҩадатәи Ешыра ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә трассаҟны амҩа ҭабгеит. Аҭабгара азеиԥш ура ишьақәнартәоит 120 метра.

© Sputnik Томас ТхайцукРемонт дороги
Ремонт дороги - Sputnik Аҧсны
Ремонт дороги

 

Ажәабжьқәа зегьы
0