Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара аднакылеит

© Sputnik Томас ТхайцукЗаседание кабмина
Заседание кабмина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала аӡбара медицинатә експертизазы Ақәҵара хымз рышьҭахь аусура иалагоит.

АҞӘА, цәыббра 22, Sputnik, Саид Барганџьиа. Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны аҩаша, цәыббра 22 рзы ирыдыркылеит ацәгьара руит ҳәа ргәы иззанагои ахақәиҭра иалхәдаатәны иҭакуи ргәабзиара ауашәшәырара иахҟьаны рхы рақәиҭтәра алзыршо амедицинатә ршаҳаҭгақәа ҳәаақәызҵо  анорматив-зинтә актқәа рышьақәырӷәӷәаразы Ақәҵара.

Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб ажәалагала ҟаиҵеит  ари Ақәҵара ахҳәаа азуны ирыдыркыларц. Убри инақәыршәаны Ақәҵара аусура иалагоит хымз рышьҭахь. Иара иазгәеиҭеит ари аамҭа аҭахуп Ақәҵара аусеиҭадулара аҭахны иахьыҟоу ази аус шаушазы азхәыцрақәа ахьаҭаху ази.

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭамаз Ҵахнакьиа ишазгәеиҭаз ала 2012 шықәса рзы Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдыркылеит азакәан ацәгьара руит ҳәа ргәы иззанагои ахақәиҭра иалхәдаатәны иҭакуи ауаа рхы рақәиҭтәразы иҵаҵӷәуп ҳәа ззыршьо ачымазарақәа реиқәыԥхьаӡазы.

"Иаҭахны иҟоу аԥҟаррақәа шәыдаагалоит, урҭ рышьақәыррӷәӷәаразы шәара ҳшәыҳәоит. Асеиԥш иҟоу аекспертизақәа Ареспубликатә аӡбара медицинатә експертиза абиуро аҟны  иахьымҩаԥырымго аусура аруадаҩуеит", — иҳәеит Ҵахнакьиа.

Абри Ақәҵара анагӡаразы иҟоу агәҭынчымра далацәажәеит  Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Беслан Ҳагба. Иара иажәақәа рыла цқьа еилкаам "иҭаку ауаа ахьырхәышәтәуа, изхәышәтәуа".

Аԥсны Апрокурор хада Алексеи Ломиа игәаанагарала Ақәҵара адкылара хымԥадатәны иҟоуп аха иара иацу ашәарақәагьы ирызхәыцтәны иҟоуп.

"Ганкахьала азакәанԥҵараҟны иҟоу агхақәа риашатәуп аха иара убри аан урҭ назыгӡараны иҟоу иарбан мчрақәоу цқьа еилкаам. Ирылшома астационартә медицинатә усҳәарҭақәа иҭакуи урҭ рааигәа-сигәа иҟоуи ршәарҭадара аиҿкаара", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит иҟоу аинформациа ала 60-ҩык рҟынӡа аиашаӡбара иацәыбналан ишыҟоу, абри Ақәҵара иазыԥшны.


Ажәабжьқәа зегьы
0