АҞӘА, цәыббра 23 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адепутат Ахра Кәакәасқьыр иазгәеиҭеит, атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭаны, абри аҩыза азакәан адкылара хымԥадатәины ишыҟоу. Абри атәы ааицҳаит ҳкорреспондент Апарламент аилатәарҭатә зал аҟынтәи.
Апарламентарицәа иазгәарҭеит ари азакәан адкылара аҭахны ишыҟоу.
Азакәан амчрахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә мчра аорганқәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аорганқәеи.
Азакәан иазыԥхьагәанаҭоит аԥырҟәҟәааратә усмҩаԥгатәқәа. Урҭ ируакуп ауаажәларра рҟны акоррупциа адымкылара. Аҩбатәи аԥхьарала ирыдкылоу азакәан ишьақәнаргылоит аекономикатә еизыҟазаашьақәа рҟны аӡбрақәа иашарыла рыдкылара.
Азакәан иара убасгьы ишьақәнаргылоит аԥҟаррақәа акоррупциаҿагыларатә експертиза амҩаԥгараҟны. Аекспертиза амҩаԥгара азин рымоуп апартиақәагьы аграждантә уаажәларратә институтқәагьы.