Аиааира амшныҳәа сынтәа Аҟәа ишазгәарҭо

© Sputnik / Томас ТхайцукПразднование Дня флага 2015г.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иргаз аиааира амшныҳәа иазку агәырӷьаратә уснагӡатәқәа Аԥсны ахи-аҵыхәеи имҩаԥыргоит.

АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иргаз аиааира амшныҳәа иазку агәырӷьаратә уснагӡатәқәа хацыркхоит цәыббра 27 рзы, иагьрыцҵахоит цәыббра зо рҟынӡа.

Аиааира амш аламҭалазы Аԥсны абираҟ Гәымсҭатәи амемориал иахәҭакхеит

Ареспублика Акультура аминистрреи Аҟәа ақалақь Ахадареи рҟны адырра злаҟарҵаз ала, аҳҭнықалақь Аҟәа ахы ианақәиҭыртәыз амш, цәыббра 27 рзы, ашьыжь, атеатр аҿаԥхьа имҩаԥгахоит аспорттә еиндаҭларақәа. Урҭ ирылахәхоит аҳҭнықалақь аспорттә школақәа рааӡамҭацәа. Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала аныҳәатә церемониа иалагоит асааҭ 13.00 рзы. Асааҭ 14.00 рзы ақалақьуаа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны ирбарц рылшоит аибашьра аҭоурых иазку ақәгылара ду.

Ашәахьа, цәыббра 28, асааҭ 13.00 рзы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә культуратә училишьче аҟны имҩаԥысраны иҟоуп аныҳәатә хәылԥаз. Ацәыргақәҵа "Аҳәса аибашьраҟны" аартхоит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша Амузеи аҟны аҩаша, цәыббра 29 рзы.

Аиааира амш аҽны Аҟәа имҩаԥысуеит акциа "Ԥсра зқәым афырхацәа"

Ихадоу аныҳәатә уснагӡатәқәа азыԥхьагәаҭоуп цәыббра зо рзы. Аиааира амшныҳәа азгәаҭара хацыркхоит асааҭ 11.00 рзы, Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, Амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Шьыбжьон араҟа имҩаԥысраны иҟоуп ареспублика Атәылахьчара аминистрра аруаа рпарад. Апарад ашьҭахь атәыла аиҳабыреи ауаажәларра рхаҭарнакцәеи аҭаараны иҟоуп атәыла раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа, иара убасгьы — Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭа.

Ахәылԥаз, ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирбараны иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны Аахыҵ Уаԥстәылатәи акәашаратә ансамбль "Симд" ақәгылара.

Асааҭ 16.00 рзы Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аҟынгьы иазыԥхьагәаҭоуп аныҳәатә уснагӡатәқәа.

Агәырӷьаратә уснагӡатәқәа хыркәшахоит ақәгылара "Аиааира аҭоурых" ала, асааҭ 18.00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0