АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы цәыббра 30 рзы еиҿнакаауеит акциа "Ԥсра зқәым афырхацәа" — аҿар иҭахаз рпатреҭқәа рыманы ақалақь амҩақәа ирнысуеит.
"Аныҟәара мҩаԥысуеит амшын аԥшаҳәаҟны. Ари акциа адагьы иазыԥхьагәаҭоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ахҭысқәа рфотоцәыргақәҵа. Иқәыргылахоит аибашьра алахәылацәа рыуацәа апатреҭқәа рцәыргақәҵара ахьымҩаԥыргаша астендқәа", — лҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы азанааҭуаҩ хада Ирина Гогьиаԥҳа.
Гогьиаԥҳа илҳәеит акциа хықәкны ишамоу аибашьраҟны иҭахаз ргәалашәара.
"Дарбанызаалак акциа алахәыла арахь дааиуеит игәакьа дигәалаиршәарц", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит акциа-ныҟәара рхы аладырхәырц.