Аиааира ашәақәа рконцерт Пицунда имҩаԥысит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАконцерт "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" Пицунда
Аконцерт Ҳара ҳаруаа реиҳабы Пицунда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра иалиааз ашәақәа, абжьы цқьа рхаҵаны, Аиааира амш ныҳәа аламҭалаз Пицунда инагӡан.

ГАГРА, цәыббра 29 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аиааира амш 22 шықәса ахыҵра инамаданы, амузыкатә гәыԥ "АМА Рекордс" Пицунда имҩаԥнагеит апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" аҳәаақәа ирҭагӡаны абжьы цқьа зхаз аконцерт.

2011 шықәсазы, аҭелтә еимадара Аҟәафон адгыларала амузыкатә фильм "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" актәи ахәҭа аԥҵан, уи ихьӡынҩылан Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Апроект авторс дамоуп аибашьра акорреспондент Емма Хәаџьаа, лара аибашьра ахроника ахархәарала иаԥылҵеит амузыкатә фильм. Анаҩс иҭыхын афильм аҩбатәи ахәҭа.

Апроект аҩбатәи ахәҭа иаҵанакуа аконцерттә программкәа ҵыԥхтәи ашықәс инаркны имҩаԥысуан атәыла араионқәа зегь рҟны. Аха усҟан еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны, ашәаҳәацәа Пицундаҟа изымааит. Сынтәа, Пицунда ақалақьуаа иҟарҵаз аҳәарала, араҟа еиҿкаан аибашьра ашәақәа ахьынагӡаз аконцерт.

Аныҳәатә концерт Пицунда амҩаԥгара алыршахеит ақалақь анапхгареи акурорттә еилазаара аиҳабыреи ақалақьуаа Андреи Дудкои Асҭамыр Аргәыни аҭелтә еимадара Аҟәафони рыбзоурала.

"Сара иҭабуп ҳәа расҳәоит Пицунда ақалақьуаа ҷыдала ари аконцерт араҟа имҩаԥгазарц азы ақәҿызҭыз. Аибашьра ашәақәа рынагӡаҩцәа аӡәырҩы рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Дара ахьымӡеит Аиааира амш. Иахьа арҭ ашәақәа ҳанырзыӡырҩуа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит урҭ раԥхьатәи рынагӡаҩцәеи, равторцәеи, Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәеи. Шьала икәабоу Аиааира амш изаҵәызааит ҳажәлар рзы, ахааназгьы хашҭра ақәымзааит", — иҳәеит Пицунда ақалақь Ахада Чингьиз Бигәаа.

Аибашьраҿы ииз ашәақәа ргәы шьҭырхуан ҳаибашьцәа, ирыланарҵәон агәыӷра, еизнагон рымч. Аконцерт аҟны инагӡан апроект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" актәи ахәҭа аҟынтәгьы ашәақәа. Инагӡаз ашәақәа авторцәас ирымоуп Валери Багаҭелиа, Резо Чачхалиа, Ҭемыр Бигәаа, Кәасаҭа Ченгелиа, Лев Лиубченко, Александр Бардодым, Имам Алимсултанов, Хамзат Ханкаров. Арҭ ашәақәа иргәылоуп аибашьра иацыз ахьааи агәырҩеи, дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп алаф ашәақәагьы.

Аҟәа ахақәиҭтәра амш иазкны афилармониаҿы идырбан атеатралтә қәгылара

Амузыкантцәа убас инарыгӡеит ари апроет аус анадырулоз ииз, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ирызкыу ашәагьы.

Акомпозитор Анри Гәымба иазгәеиҭеит, аибашьра ашәақәа раԥхьатәи авторцәа рынагӡара ԥхасҭамтәакәа ҷыдала аус шадырулоз.

"Аиааира амш ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит. Ҳҟазаратә гәыԥ есышықәса ари амш ныҳәа инақәыршәаны азыӡырыҩцәа ирызнаҳгоит иҿыцу усумҭак", — ҳәа ациҵеит амузыкант.

Аконцерт иаҭааз Пицунда ақалақьуааи, араҟа зыԥсшьарамшқәа зхызго асасцәеи агәахәара ду рнаҭеит. Иҭабуп ҳәагьы рарҳәеит аиҿкааҩцәеи алахәцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0