АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсни аԥсуа диаспореи реимадара арӷәӷәара хымԥада иаҭахуп, иҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа астол гьежь "Аԥсни адиаспореи реимадара аизырҳара" аҟны.
"Аԥсуаа Аԥсны ианыҟамла ҳазҿу аусқәа зегь башахоит, убри аҟнытәи ҳажәлар рдемографиатә ҭагылазаашьа еиӷьхарц азы апотенциал зегь реиҳа ахьҳамоу ҳдиаспора аҟны ауп. Владислав Арӡынба иҳәахьан аҳәынҭқарра аргылараҿы адиаспора ахаҭарнакцәа рыцхыраара шаҭаху", — азгәеиҭеит Гогәуа.
Сонер Гогәуа инаҵшьны иҳәеит, аҳәаанырцәтәи адиаспора рыԥсадгьыл ахь рыргьежьразы аҳәынҭқарратә программа шаԥҵатәу.
Гогәуа иажәақәа рыла, Аԥсни Тырқәтәылеи рекономикатә, ркультуратә усеицура арҿиаразы Аԥсны аҳәынҭқарратә структурақәа рҟны аус рыулозар ауп адиаспора ахаҭарнакцәа. Уи иазгәеиҭеит иахьазы ҩ-тәылак реицыхәаахәҭра 200 миллион доллар аҿы иштәо, аха уи еиҳагьы аизырҳара шауа.
"Иаҳҳәап акультура аминистрраҿы адиаспора ахаҭарнакцәа аус руазҭгьы ҳтәылақәа ркультуратә еимадарақәа еиҳа иӷәӷәахон", — иҳәеит уи.
Астол гежь иалахәыз зегьы еицҿакны ирҳәеит Аԥсни Ҭырқәтәылеи русеицура арҿиара, аизырҳара иахьа иашьҭаламзар, уаҵәы ихьшәахар шауа.
"Жәларбжьаратәи фонд Аԥсны" аԥҵан мшаԥымза 2, 2015 шықәсазы, уи ахықәкы хадақәа ируакуп Аԥсны иамоу ахьыԥшымра астатус арӷәӷәареи уи азхаҵара арҭбаареи рҿы ацхыраара аҟаҵара. Иара убас аус аулоит аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арҿиара, ҳдоуҳатә культуреи, ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи рыхьчара, ажәларқәа рыбжьара аҭынчреи, аиҩызареи аиқәышаҳаҭреи рыбжьаҵара аганахьала.