Гагра иазгәарҭеит Аиааира 22 шықәса ахыҵра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра иазгәарҭеит Аиааира 22 шықәса ахыҵра
Гагра иазгәарҭеит Аиааира 22 шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30, Аиааира амш аҽны Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа.

ГАГРА, цәыббра 30 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш аҽны, Гагра ақалақь Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Аԥсны анапхгара, Гагра араион Ахадара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи астудентцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи ақалакь иаҭааз асасцәеи. Ашәҭқәа шьҭаҵан Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа шьақәдыргылараны иахьыҟоу аҭыԥ аҿгьы.

Ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа анхырқәшаха ашьҭахь имҩаԥган амитинг.

209-ҩык Гагра иалҵыз аҵеицәа Аԥсны рхы ақәырҵеит, урҭ рыхьӡқәа хьтәы нбанла аибашьра аҭоурых адаҟьақәа рҟны инхоит.

Аиааира Амш азы Ахьӡ-аԥша Амемориал аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит

"Иахьа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иазгәарҭоит Аиааира амш. Ҳаԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи аамҭа ианҭагыла аԥсуа еибашьцәа ирывагылеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Нхыҵ-Кавказынтә ҳашьцәа. Сара Гагра араионтә Еизара адепутатцәа рыхьӡала аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭаацәеи ирыдысныҳәалоит Аиааира амш. Иҭабуп ҳәа расҳәоит иаадырԥшыз афырхаҵаразы. Анацәа рахь схы рханы ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит аҵеицәа гәымшәацәа ахьырааӡаз азы", — иҳәеит Аԥсны Афырхаҵа, Гагра араионтә Еизара адепутат Рудольф Алшәындба.

Адныҳәалара ҟаҵо еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны аԥыза аминистр ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.

"Аԥсны анапхгареи, аминистрцәа реилазаареи рыхьӡала Гагра араион иқәынхо зегьы ирыдысныҳәалоит Аиааира амш. 22 шықәса раԥхьа аибашьцәа ирыӡбеит Аԥсны аҭоурых. Сара анцәа сиҳәоит ҳфырхацәа иаҳзааргаз Аиааира ихьчаны, ԥхьаҟа ҳцаратәы амчи алшареи ҳаиҭарц", — ҳәа азгәеиҭеит Аӡынба.

Иҭахаз рҭаацәа рыхьӡала адныҳәалара ҟалҵеит Гагра араион аҳәса Рассоциациа ахантәаҩы Алла Григолиа.

"Ари амш аҵак ду амоуп зегь ҳзы. Ҳажәлар риааира ҿыхуп шьалеи ԥсҭбаралеи. Агәра згоит еиҵагыло аҿар рабдуцәеи рабацәеи иааргаз ахақәиҭра шдмырӡо, афырхацәа рыхьӡ шырхамшҭуа. Зыҷкәынцәа ҭахаз анацәа рахь схы рханы исҳәоит, ари Аиааира дара ишрыбзоуроу, анацәа ирааӡаз аҵеицәа роуп иахьатәи ҳҭынч ԥсҭазаара зыбзоуроу", — ҳәа лажәа иацылҵеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аслан Ҳагәышь иԥшәмаԥҳәыс Алла Григолиа.

Амитинг иалагӡаны ашколхәыҷқәа инарыгӡеит апатриоттә жәеинраалақәа.

© Sputnik / Саида Жиба Гагра, школьники возлагают цветы у памятника
Гагра, школьники возлагают цветы у памятника  - Sputnik Аҧсны
Гагра, школьники возлагают цветы у памятника
Ажәабжьқәа зегьы
0