АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цәыббра 17 рзы Апрокуратура хада азин ҟанаҵеит "Аԥснычаи" уаанӡатәи адиректор Асҭамыр Оҭырба иганахьала ашьаус хацыркхарц. Асҭамыр Оҭырба ахьчаҩцәа мап рцәикит, иазгәеиҭеит аӡбарҭаҟны ихала ихы шихьчо.
Асҭамыр Оҭырба иҭахуп аус аилыргаразы аӡбарҭахь инарышьҭырц, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит цәыббра 30 рзы.
"Сара ари аҩыза аҳәамҭа зыҟасҵо ауаажәларратә еилазаара аҭагылазаашьа иазхьасырԥшырц ауп. Иаҳҳәо ҳамазар, аӡбарҭаҟны ҳалацәажәап. Аус зыҟны иҳамоугьы Аԥыза-министр иоуп. Ус анакәха, иахьаҭыԥу ҳаицәажәап", — иҳәеит Асҭамыр Оҭырба.
"Аԥснычаи" уаанӡатәи адиректор 2015 шықәса, цәыббра 7 рзы апресс-конференциаҟны иҳәеит аилак апроблемақәа рыӡбразы Аԥыза-министр Артур Амқәаб "Аԥснычаи" аҟынтәи афеидақәа иоурц.
"Аԥыза-министр хаҭалатәи ирзаҳал ахьыҟами уаҳа аҽаӡәы аус дахьалахәыми рзы аус аӡбратә органқәа рахь инашьҭызароуп", — иҳәоит Оҭырба.
Аԥсны Ашьаустә кодекс ахәҭаҷ 124 (ахьӡ аҭара) инақәыршәаны аӡбарҭа аӡбра иазыԥхьагәанаҭоит ахараԥса: 20 000 инаркны 40 000 мааҭ рҟынӡа, мамзаргьы шықәсык инаркны ҩышықәсанӡа аҽыриашаратә усурақәа, ма — хышықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Аԥсны Апрокуратура хада цәыббра 17 рзы Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥснычаи" адиректор Асҭамыр Оҭырба иганахьала ашьаус хацнаркит.