Ҳаџьымба: Ҭаҭарсҭани ҳареи еиуеиԥшым хырхарҭала аус еицааулар ҳалшоит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аинвесторцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа шьақәгылан иҟоуп, хаҭала - ашәахтәқәҵара маҷи афымцамч ахә амаҷреи иҳәеит Ҳаџьымба.

АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны аинвесторцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа шьақәгылан иҟоуп, хаҭала ашәахтәқәҵара маҷи афымцамч ахә амаҷреи иҳәеит Рауль Ҳаџьымба ажурналистцәа аинтервиу рыҭо.

"Лассы-лассы Аԥсны азакәанԥҵаратә база ҿыц аԥҵатәуп ҳәа шырҳәогьы, ҳара ҳҟны аинвесторцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп. Иуҳәар алшоит, ҳара инеибанеиԥшны зых иақәиҭу зонаны ҳаҟоуп ҳәа. Акызаҵәык, аус ҳацырурц иаҳзаауа ауаа ииашаҵәҟьаны ҳаргьы аус рыцааулароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Иара иажәақәа рыла, Ҭаҭарсҭан ахадеи иареи конкретлатәи реиқәшаҳаҭрақәа рылацәажәара макьана изаауп.

Ҳаџьымбеи Минниханови аинвестициатә лшарақәа ирылацәажәеит

"Ҳара иахьа ҳрылацәажәон Аԥсни Ҭаҭарсҭани ирымоу алшарақәа. Иҟан аӡыргарақәагьы, аха конкретла иҟаҵоу ажәалагалақәа рылацәажәара макьана изаацәоуп. Урҭ даара аинтерес рыҵоуп. Агәра згоит урҭ ахырхарҭақәа рыла аусурақәа шымҩаԥгахо", — ациҵеит Ҳаџьымба.

Ҩеижәи ԥшьҩык злаз Ҭаҭарсҭантәи аделегациа Аҟәаҟа иааит жьҭаара 1 азы.

Минниханов Аԥсныҟа иусутә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсни Ҭаҭарсҭани рнапхгаҩцәа реиԥылара иара убасгьы инарҭбааны иааԥхьаз Аԥсны анапхгара рԥыларагьы.

Ари авизит ҭактәын. Уи иаԥхьанеиуан Рауль Ҳаџьымба хадас дызмаз Аԥсны аделегациа Ҭаҭарсҭан аҟазаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0