Ҳаџьымбеи Минниханови аинвестициатә лшарақәа ирылацәажәеит

© Sputnik Томас ТхайцукХаджимба и Минниханов на встрече с правительством
Хаджимба и Минниханов на встрече с правительством - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханови, аделегациа алахәылацәеи аԥшьаша, жьҭаара 1 азы реиԥылараан иалацәажәеит Аԥсны аинвестициатә лшарақәа рызҵаара.

АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханови, аделегациа алахәылацәеи аԥшьаша, жьҭаара 1 азы реиԥылараан иалацәажәеит Аԥсны аинвестициатә лшарақәа рызҵаара.

"Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳаракы рыманы иҟоуп. Аԥсны аинтерес амоуп Ҭаҭарсҭанынтәи аинвестициақәа риура. Аҳәынҭқарра ахахьы иагоит аинвестициақәа хәдықәҵара роура. Ҳара иаҳҭахуп иҭышәынтәаланы аамҭа рацәала аусеицура", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аусеицураҟны аԥыжәара змоу хырхарҭаны иара иаликааит ауристтәии ақыҭанхамҩатәии усхкқәа иара убасгьы атранспорт-логистикатә усхк.

Рауль Ҳаџьымбеи Рустам Минниханови еиԥылеит

Аԥсни Ҭаҭарсҭани реизыҟазаашьақәа аҿиара ишаҿугьы атауареикәыршара атәылақәа рыбжьара аҩаӡара маҷуп ҳәа азгәеиҭеит Минниханов.

"Ҳара ҳалшарақәа ишахәҭоу еиԥш ҳхы иаҳархәом. Иахьатәи аделегациа аилазаараҟны ирацәоуп ақыҭанхамҩатә еилакқәа рнапхгаҩцәа. Ҳара иаҳҭахуп абизнес ахаҭарнакцәа рԥылара, рацәажәара. Иазгәасҭарц сҭахуп Аԥснынтәи аҿар маҷыҩны ҳҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аҵара ахьырҵо", — иҳәеит Миннинханов.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Ҭаҭарсҭан анефҭ ишатәылоу, амашьынаргыларатә комплекс аҿиара шамоу, аинновациатә ҿиара шыҟоу. Ҭаҭарсҭан иҭрыжьуа аалыҵ 50% аекспорт ахь иҳашьҭуеит иҳәеит иара.

Русҭам Минниханов официалтә визитла Аԥсны даҭааит

Ҭаҭарсҭантәи аделегациа иалахәуп 24-ҩык, урҭ рыбжьара иҟоуп: Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума адепутат Фатых Сибагатуллин, Ареспублика Ҭаҭарсҭан Аекономика аминистр Артем Здунов, Атуризм азы Аилак аиҳабы Сергеи Иванов.

Ҭаҭарсҭан Апрезидент хаҭала дырҭаараны дыҟоуп Аҟәатәи ахштә зауади Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иҟоу арԥхарҭатә нхамҩаеи.

Апрограммаҟны иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп Очамчыра араион ахаԥраара, амшынтә баӷәазеи, араион анхамҩатә ҭыԥқәеи иара убасгьы Тҟәарчалтәи азауадқәа "Зариеи" "Аргонавти" рҭаара.

Минниханов изы ари авизит раԥхьатәиуп. Уаанӡа, 2015 шықәса ԥхынгәымзазы Рауль Ҳаџьымба хадас дызмаз Аԥснытәи аделегациа Казань официалтә визитла иҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0