Ҭаҭарсҭан гәҭакны иамоуп Аҟәатәи ахш зауад арендла агара

© Sputnik Томас ТхайцукРустам Миниханов.
Рустам Миниханов. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханов Аԥсны усутә визитла иаҭаараан ибеит Аҟәатәи ахш зауади Кындыӷ ақыҭан аус зуа арԥхарратә нхамҩеи.

АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханов Аԥсны усуратә визитла иҟазаараан даҭааны ибеит Аҟәатәи ахш зауад.

Минниханов иазгәеиҭеит Ҭаҭарсҭан ишамоу алшара Аԥсны ахш аалыҵ аҭыжьразы.

"Ҳара иҳамоуп ахштә концентрат. Иҳалшоит уи Аԥсны ахархәара. Аԥсны Ҭаҭарсҭан азы иҿыцу џьырмыкьаны иҟалар ауеит. Иауеит азауад арендла иаагар, иауеит акционер ҳасабла ҳҟалар, мамзаргьы аахәаразы аукцион еиҿаҳкаар. Ари иаҳаӡбаша зҵаароуп. Хәԥсала ҳаилаӡар аусура ҳалагоит", — иҳәеит Минниханов Аԥсны аԥыза-министри иареи реицәажәараан.

Ҳаџьымба: Ҭаҭарсҭани ҳареи еиуеиԥшым хырхарҭала аус еицааулар ҳалшоит

Аҟәатәи ахш зауад ргылан ииасыз ашәышықәсазы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь азауад изныкымкәа аалыҵ аҭыжьра иалагахьан, аха нас уи аанкылахон амыругақәа ражәра иахҟьаны. Аԥсны асоциал-економикатә рҿиаразы акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны 2012 шықәса рзы акапиталтә ремонт азуын. Азауад ареабилитациа иазоужьын 120 миллион мааҭ.

Аха абри ашьҭахьгьы азауад аус ауам, избанзар аҳәынҭқарра иамам алшара азауад аӡа азоужьра ҳәа ҳарҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистрраҟны. Иахьатәи аамҭазы ахшлыҵ Аԥсныҟа Урыстәылантәи иааргоит.

Ҭаҭарсҭантәи аделегациа иара убасгьы иаҭаан иҟан Кындыӷтәи арԥхарратә нхамҩа, Тҟәарчалтәи азауадқәа "Зариеи" "Аргонавти".

© Sputnik Томас ТхайцукМиниханов и с.Кындыг.
1/3
Миниханов и с.Кындыг.
© Sputnik Томас ТхайцукМиниханов в с.Кындыг.
2/3
Миниханов в с.Кындыг.
© Sputnik Томас ТхайцукМиниханов в с.Кындыг.
3/3
Миниханов в с.Кындыг.
1/3
Миниханов и с.Кындыг.
2/3
Миниханов в с.Кындыг.
3/3
Миниханов в с.Кындыг.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0