Аҿар ртеатр иқәнаргылоит Софа Агәмаа лавтортә скетчи Чехов ипиесеи

© Sputnik / Илона ХварцкияЗрительный зал драмтеатра. Архивное фото.
Зрительный зал драмтеатра. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә ҿартә театр иқәнаргылоит аԥсуа театр аҭоурых иазку Софа Агәмааԥҳа лавтортә скетчи Чехов ипиеса "Амшәи".

АҞӘА, жьҭаара 5 — Наала Аҩӡыԥҳа. Аҩаша, жьҭаара 6 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҟны Аԥсуа ҳәынҭқарратә ҿартә театр иқәнаргылоит Софа Агәмааԥҳа лавтортә скетчи Чехов ипиеса "Амшәи".

Аҿартә театр анапхгаҩы, Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа ҳкорреспондент ишылзеиҭалҳәаз ала, артистцәа ҿарацәа иқәдыгылоит Чехов ипиеса "Амшәи" Софа Агәмааԥҳа лавтортә скетчи.

Автор лажәақәа рыла, ари ақәыргыламҭа (аскетч) азкуп аԥсуа профессионалтә актиорцәа ргәалашәара.

"Ари аҭоурых – ҳтеатри иахьазы иҳацәцахьоу ҳактиорцәа хьӡырҳәагақәеи рҭоурых ауп. Аамҭас иаҵанакуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа. Ихьанҭаз усҟантәи аамҭақәа рызгьы актиорцәа аус шыруц ируан, ақыҭақәа ирҭаааны ауаа аныҳәатә гәалаҟазаара рзаԥырҵон. Ауаа ргәы акамыжьра акәын еиҳаракгьы абарҭ зегьы зызкыз. Ҳара ишәҳарбоит ахәаԥшыҩцәа заҟа гәыхыҭхыҭрала артистцәа ирзыԥшыз, ишрыдыркылоз, аспектакльқәа ишрыхәаԥшуаз", — лҳәеит Софа Агәмааԥҳа.

Антон Чехов ирҿиамҭақәа ракәзар, урҭ ахаангьы актуалра рыҵоуп, жәра рықәӡам ҳәа азгәалҭеит атеатр анапхгаҩы.

Софа Агумаа - Sputnik Аҧсны
Софа Агәмаа: 27шықәса раҧхьа Искандер аҧсшәахь деиҭазгеит

"Чехов есымша ҳаамҭа дақәшәоит. Апиесаҟны ҳара ахәаԥшцәа идҳарбоит абзиабараҟны ԥаршеира ыҟамзар шакәу. Абзиабара амчра убриаҟара иҳаракуп — ԥсҭазаарак аанарҳәыртә еиԥш. Ҳара ари аспектакль аҟны идҳарбоит абзиабара иашаҵәҟьа амчра", — лҳәеит лара.

Аԥсуа драматә театр шьақәгылеит аԥсуа театртә студиа аушьҭымҭацәа рыла. Аазиз Агрба, Шәарах Ԥачалиа, Леуарса Касланӡиа, Анна Аргәын-Канашок, Разынбеи Агрба, Екатерина Шакирбаиԥҳа, Минадора Зыхәԥҳа, Михаил Ақаҩба, Мҭы Ақаҩба уҳәа роуп иаԥызҵаз раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә актиортә школ.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә ҿартә театр аԥҵан 2014 шықәса нанҳәа 20 рзы. Уаанӡа актиорцәа ҿарацәа хәмаруан Софа Агәмааԥҳа лтеатр "Аамҭа" аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0